Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭа апациентцәа ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26237-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21807-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 395-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 404-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 125-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, 63 шықәса ирҭагылаз аԥҳәыси, 80 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 36-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәаҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 55-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0