Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аџьԥҳаи Аҩӡԥҳаи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу рыцхыраара иазкны

© SputnikАџьԥҳа Инна Аҩӡԥҳа Астанда
Аџьԥҳа Инна  Аҩӡԥҳа Астанда - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу атәыла ауааԥсыра аҳәынҭқарра ацхыраарас ирнаҭои, абри атәы арадиоефир аҿы еиҭарҳәеит Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра ахаҭарнак Инна Аџьԥҳаи, аҳәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхыраразы амаҵзура аусзуҩ Асҭанда Аҩӡԥҳаи.
Хра злоу ахҭысқәа: Аџьԥҳаи Аҩӡԥҳаи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу рыцхыраара иазкны
Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра иатәу ауаажәлар рсоциалтә маҵзуреи, асоциалтә программақәа русбарҭа аиҳабы Инна Аџьԥҳа лажәақәа рыла, араионқәа рҟынтә аминистррахь иаауеит арзаҳалқәа адгылара зҭаху аҭаацәарқәа рҟнытә, анаҩс акомиссиа цоит, ирыхәаԥшуеит рҭагылазаашьа ахьынӡауадаҩу ҭырҵаауеит. Иахәҭоу ашәҟәқәа анеидкылаха есымза аԥара зауа рсиа иахыԥхьаӡалахоит, ҳәа адырра ҟалҵеит Аџьԥҳа.
"Ҳара ҳусбарҭа ацхыраара рынаҭоит зылшарақәа маҷу, зхы изамыхәо ауааԥсыра, насгьы ҭынха дызмам, зхала иҟоу. Абри ашықәс азы ацхыраара рыҭан зықьҩык инареиҳаны зхы зызныҟәымго ауааԥсыра. Дара есымза ирзоужьуп 1000 мааҭ. 2020 шықәса рыҩнуҵҟа иааизакны ус еиԥш иҟоу акатегориа ирзоужьын 11 милионни 500 нызықь мааҭ аԥара", - ҳәа лҳәеит Аџьԥҳа.
Аҳәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхыраразы амаҵзура аусзуҩ еиҭалҳәеит дара русура ззырхо, насгьы ауааԥсыра ирырҭо адгылара атәы.
"Ҳара ашколқәа мамзаргьы еиуеиԥшым егьырҭ аусбарҭақәа рҟынтә иҳауеит адырра, аҭел ианасуагьы убап, абасала иҟоуп аҭаацәара ацхыраара зҭаху ҳәа. Ҳара ҳцоит аҭыԥан рҭагылазаашьа шыҟоу гәаҳҭоит. Анаҩс, адгылара раҳҭоит, ацхыраара роуртә еиԥш. Урҭ аҭаацәарақәа мҩақәызҵо ҳакәны ҳаҟоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Аҩӡԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0