https://sputnik-abkhazia.info/20210914/Khra-zlou-akhysa-Aa-Aati-aynarrat-akultura-aaraiura-iazkny-1033207179.html
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа 65 шықәса ахыҵит. Аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik дасасын. 14.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-14T18:31+0300
2021-09-14T18:31+0300
2021-09-14T18:38+0300
аԥсны
арадио
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101949/10/1019491068_0:57:5591:3218_1920x0_80_0_0_fdea61c301c69cc7232674893781dc7c.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны
Аԥсуа культура ашьҭыхраз, аҟазацәа реиҵааӡаразы1956 шықәсазы цәыббрамза 14 аҽны, еиҿкаан Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа.Раԥхьа иҟан ахореографиатә, абиблиотекатә, ахор-дирижиортә ҟәшақәа. 1956 шықәсазы аҵараиурҭа аартын Қарҭтәи акультуратә ҵараиурҭа иахәҭакны.Аԥсны акультура аусзуҩцәа ирылшеит Аҟәатәи акультура аҵаралашаратә ҳәа аҟаҵара. Даара аџьабаа адбаланы ашьақәгылара дазааԥсеит, акультура зҿаԥсазтәыз аусзуҩы Анатоли Қаԥшь. Иара убас, лыԥсҭазаара зегьы аҵараиурҭа ашьақәгылара иазылкит, иара аушьҭымҭа Чекмезова. 1960-тәи ашықәсқәа рзы ахор-дирижиортә ҟәша аркны, иаадыртит жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыҟәша. Уи аахыижьҭеи иахьанӡагьы аҟәша аус ауеит, иара убас ахореографиатә ҟәшагьы.Аҵараиурҭа аҭоурых ду амоуп, ирацәаҩуп аушьҭымҭацәа. Раԥхьатәи аушьҭымҭацәа иреиуоуп Маиа Гьерзмааԥҳа, Фазылбеи Ҟәуруа, Владимир Кәарҷиа, Оҭар Хәынҵариа, Кандид Ҭарба. Дара ирылшеит Аԥсны мацара акәымкәан уи анҭыҵгьы рҟазара дырбара, Аԥсны ахьӡ аҭыгара. Иахьа ахаԥшьгаратә коллективқәеи, ансамбльқәа рнапхгаҩцәеи, алахәылацәеи реиҳараҩык аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа роуп.Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101949/10/1019491068_0:0:5591:3516_1920x0_80_0_0_efa98a3b58f9ebf339f66eb220a0422e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡԥҳа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа иазкны
18:31 14.09.2021 (ирҿыцуп: 18:38 14.09.2021) Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа 65 шықәса ахыҵит. Аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа арадио Sputnik дасасын.
Аԥсуа культура ашьҭыхраз, аҟазацәа реиҵааӡаразы1956 шықәсазы цәыббрамза 14 аҽны, еиҿкаан Аҟәатәи акультуратә ҵараиурҭа.
Раԥхьа иҟан ахореографиатә, абиблиотекатә, ахор-дирижиортә ҟәшақәа. 1956 шықәсазы аҵараиурҭа аартын Қарҭтәи акультуратә ҵараиурҭа иахәҭакны.
Аԥсны акультура аусзуҩцәа ирылшеит Аҟәатәи акультура аҵаралашаратә ҳәа аҟаҵара. Даара аџьабаа адбаланы ашьақәгылара дазааԥсеит, акультура зҿаԥсазтәыз аусзуҩы Анатоли Қаԥшь. Иара убас, лыԥсҭазаара зегьы аҵараиурҭа ашьақәгылара иазылкит, иара аушьҭымҭа Чекмезова. 1960-тәи ашықәсқәа рзы ахор-дирижиортә ҟәша аркны, иаадыртит жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыҟәша. Уи аахыижьҭеи иахьанӡагьы аҟәша аус ауеит, иара убас ахореографиатә ҟәшагьы.
Аҵараиурҭа аҭоурых ду амоуп, ирацәаҩуп аушьҭымҭацәа. Раԥхьатәи аушьҭымҭацәа иреиуоуп Маиа Гьерзмааԥҳа, Фазылбеи Ҟәуруа, Владимир Кәарҷиа, Оҭар Хәынҵариа, Кандид Ҭарба. Дара ирылшеит Аԥсны мацара акәымкәан уи анҭыҵгьы рҟазара дырбара, Аԥсны ахьӡ аҭыгара. Иахьа ахаԥшьгаратә коллективқәеи, ансамбльқәа рнапхгаҩцәеи, алахәылацәеи реиҳараҩык аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа роуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.