Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара аҿҳәара инахоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАГУ
АГУ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет актәи акурс астудентцәа рҵара иалагеит цәыббра 6 рзы, егьырҭ акурсқәа цәыббра 15 рзы аҵарахьы инеираны иҟан.
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҩбатәи-ахәбатәи акурсқәа рҿы аҵара зҵо астудентцәа рҵара цәыббра 20 рзы иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа.
"Асеиԥш ҳаӡбеит амчыбжь ҿыц ала ҳалагарц. Ауниверситет аҵаратә процесс алагара иазыхиоуп, аха ашәахьа инаркны аҵара хацҳаркыр еиӷьуп ҳәа азаҳаԥхьаӡеит. Уи адагьы COVID-19 аҭагылазаашьа аҽаԥсахуа иалагеит, еиҳа инарҭбаау аинформациа ҳамазар ҳҭахуп", - иҳәеит иара.
Маланӡиа иазгәеиҭеит аректорати асанитар-епидемиологиатә маҵзуреи аимадара шрымоу.
АГУ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2021
ААУ аҟны ихыркәшоуп аԥышәарақәа рыҭира
"Аҵыхәтәантәи аҩымш ачымазара аҽарцәгьошәа иҟоуп. Ҳаазыԥшып ҳҳәеит, ауаа рацәа аамҭакала еидкыламхарц азы", - иҳәеит иара.
Виктор Маланӡиа дазааҭгылеит актәи акурсқәа рыстудентцәа цәыббра 6 рзы аҵарахьы ишнеиз, аепидемиологиатә шәарҭадаразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа шымҩаԥырго.
Сынтәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭаларазы рышәҟәқәа аларҵеит 689-ҩык абитуриентцәа, урҭ рахьтә ирыдыркылеит 588-ҩык.
Аԥсны иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инамаданы асанитартә-епидемиологиатә нормақәа рықәныҟәара рӷәӷәоуп.
Астудентцәеи арҵаҩцәеи асабрадақәа ныҟәыргалароуп, арзҩыдагақәа рхы иадырхәалароуп, асоциалтә дистанциа азгәарҭалароуп.
ААУ ахыбрақәеи аҵакыреи мышқәак раԥхьа арзҩыдара иахыжьын Аԥсныҟа иааны иҟоу арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчаразы урыстәылатәи арратә ҟәша аусмҩаԥгатәқәа рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0