Гагра араион ахада анапынҵа ҟаиҵеит БагнарГЕС аиҭахәшьара мҩаԥгазарц

Багнар ГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Хылаԥш дызмам, Гагра араион Хышьха ақыҭаҿы иҟоу БагнарГЕС ахатәтәразы иқәдыргылеит иаҳхысыз амчыбжь азы.
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь анапынҵа ҟаиҵеит инапаҵаҟа иҟоу аусбарҭақәа БагнарГЕС аиҭахәшьара мҩаԥыргарц.
Багнар ГЭС - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Игәыгәҭажьны иҟаз БагнарГЕС ахатәтәразы иқәдыргылоит
Араион ахадара адырраҿы иазгәаҭоуп "Ареспубликатәи амуниципалтәи мазаразы" Азакәан 13-тәи ахәҭаҷ апункт 12 инақәыршәаны ахатәтәра рзин ыҟам агидротехникатә ргыларақәа, хә-мегаваттк еиҳаны зымчхара ыҟоу.
Убри аан БагнарГЕС атехникатә ҟазшьа инақәырәаны амчхара 2,4 мегаватт ыҟоуп. Ус анакәха уи ахатәтәра алшоит.
Ахатәтәра аҭагылазаашьеи аҵыхәтәантәи ахәԥсеи аицлабра ашьҭахь ишьақәырӷәӷәахоит.
Афымцастанциа Гагра араион ақыҭа Хышьха иҟоуп, аргылара азеиԥш хышәаҵышәара 491,18 метр ԥшьыркца инаӡоит.
Араион ахадара ишаанацҳауа ала, аԥхьанатә аҭиратә хәыԥса миллионки 324 нызқьи 583 мааҭи 53 капеи ыҟоуп.
Иазԥхьагәаҭоуп аргылара аиҭашьақәыргылареи аусура аларгареи хышықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥгахоит ҳәа иара ахықәкытә ҭагылазаашьа еиҭакны.
Аинвестициақәа рзеиԥш хышәаҵышәа 5 000 000 мааҭ еиҵам.
Ажәабжьқәа зегьы
0