Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҟны 600-ҩык ауааԥсыра рыдыркылахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 18 раахыс 600-ҩык инреиҳаны COVID-19 змоу ауааԥсыра аднакылахьеит, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Агоспиталь аҟынтәи илырҩаахьеит 106-ҩык зҽызхәшәтәыз ауааԥсыра. Илырҩааз анаҩстәи абжьгарақәа рырҭоит.
Ареспублика араионқәа рҟынтәи агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алобараториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Администрация гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Гагра араион ахадара COVID-19 змоу ауаа миллион мааҭ рҟынӡа ацхыраара рзыҟарҵеит
Амобилтә госпиталь коронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәышәтәразы стационартә медицинатә хәышәтәырҭоуп. Зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык ауаа. Абригадақәа еихшаны иҷаԥшьоит.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Арратә госпиталь ҵәыҵәрила еиқәдыршәоит Гәдоуҭа иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аҟынтә. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки ала инырхуеит 100 баллонк.
Ажәабжьқәа зегьы
0