Жәанызқьҩык Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра абжьыҭарақәа рхы рыладырхәит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуа абжьыҭарақәа мҩаԥысуан цәыббра 17-19. Ареспубликаҿы иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәаба.
АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла инхо рахьтә жәеизанызқьҩык Урыстәыла атәылауаа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы рыбжьы рҭиит, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия ареспубликаҿ иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Хымш рыҩнуҵҟа ареспубликаҿ аус руан алхырҭатә ҭыԥқәа жәаба: фба - Цхьынвал, ԥшьба - араионқәа рҿы.
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Аԥсны Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рыҽрыладырхәит жәаха нызқьҩык ауааԥсыра
"Аԥкаанҵақәа реиҳарак аус рыдулоуп. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аахыҵ Уаԥстәыла инхо жәеизанызқьҩык Урыстәыла атәылауаа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы рыбжьы рҭиит. Аиҳарак активла абжьыҭара мҩаԥысуан ахԥатәи амш азы", - иҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аиҳабы Сергеи Алексеев.
Иара иажәақәа рыла, еилагара ҳәа акгьы азгәаҭамызт.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны иахьаҵанакуа рыҽрыладырхәит жәаха нызқьҩык ауааԥсыра.
Урыстәыла АКХ 99 процент аԥкаанҵақәа аус рыднаулахьеит, апартиа "Иаку Урыстәыла" 49,83 процент абжьы аиуны аԥыжәара амоуп.
Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит КПРФ – 18,94%, ахԥатәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа рҿы игылоуп ЛДПР (7,52),  "Ииашоу Урыстәыла - аиашаразы" (7,47), ахәбатәи аҭыԥ ааннакылеит апартиа "Ауаа ҿыцқәа" - 5,33%.
Ажәабжьқәа зегьы
0