Аԥсны аиҳабыра анхарҭаз аҳәынҭқарратә программа еиҭахәаԥшраны иҟоуп

© Foto / Кабинет Министров РАПремьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл рабочее совещание
Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл рабочее совещание - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы аекономикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны ареспубликаҿы аамҭала иаанкылан аҳәынҭпрограммақәа ҩба: "Аԥсны Аҳәынҭқарра хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак нхарҭала реиқәыршәара ", "Анхарҭа-2021".
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак нхарҭала реиқәыршәараҿ ацхыраара аҟаҵаразы аҳәынҭқарратә программа аформа ҿыц апроект изаамҭанытәиу Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иахәаԥшраны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Цәыббра 22 азы аԥыза-министр Александр Анқәаб аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит социалла ихьчам атәылауаа аҳәынҭқарратә цхыраара рыҭара азҵаарақәа рзы.
Ключи в замке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2020
Аԥсны имҩаԥгахараны иҟаз анхаратә программа анагӡара 2021 шықәсахьы иахыгоуп
2019 шықәсазы Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" ирыбзоураны 50 ҭаацәара ацхыраара рыҭан.
Аҳәынҭпрограмма иалахәу акандидатцәа рҟынтә азыҳәақәеи адокументқәеи рыдыркылон 2020, 2021 шықәсқәа рызгьы, аха абиуџьет аԥарақәа аҿкчымазара аԥырҟәҟәара иазырхахеит.
Аусутә еилацәажәараҿы апрограммақәа рыструктуратә модификациагьы иалацәажәан. Аԥыза-министр инапынҵала азиндырыҩцәа, асоциалтә усхк аекспертцәа апрограмма иалахәхар зылшо акатегориақәа ҭырҵааит.
Иахьазы иазыԥхьагәаҭоуп апрограммақәа еидҵаны акны иҟарҵарц. Еидҵоу аресурсқәа 40 миллион мааҭ рҟынӡа ҟалоит, уи есышықәса 50 ҭаацәара ацхыраара рыҭара алнаршоит. Апрограмма ҩышықәса ҿҳәарас иаҭахоит.
Александр Анқәаб иҳәеит апрограммақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны анхарҭаҭыԥ роур шалшо, I агәыԥ аинвалидцәа, 1992-1993 шықәсазтәи аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа, зҭаацәа ҭахаз ахәыҷқәа, ԥшьҩык инареиҳани ахшара змоу аҭаацәарақәа.
Аҳәынҭқарратә программақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы акомиссиа аусура аанкылан 2020 шықәса хәажәкырамзазы акоронавирус алаҵәара инадҳәаланы.
Ажәабжьқәа зегьы
0