https://sputnik-abkhazia.info/20210923/Dvinianin-Asny-aara-aministrra-abup-a-reieit-1033269965.html
Двинианин Аԥсны аҵара аминистрра ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Двинианин Аԥсны аҵара аминистрра ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рхы рыладырхәит Аԥсны ауааԥсыра 14 нызқьҩык инарзынаԥшуа. 23.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-23T18:57+0300
2021-09-23T18:57+0300
2021-09-23T18:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/1b/1031172284_0:0:3072:1738_1920x0_80_0_0_531aa62d4a54694f4d85f23b48ffff77.jpg
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа реиҿкаараҿы ицхырааразы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра асаит."Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи ҭабуп ахысҳәаар сҭахуп Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаараҿы шәыцхырааразы", - ҳәа Алексеи Двинианин иажәақәа аагоуп аусбарҭа апресс-маҵзура аҟны.Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит аҵара аусхк аусзуҩцәа алхрақәа разыҟаҵараан ганрацәалатәи ацхыраара шыҟарҵаз."Уаанӡатәи рԥышәа ду иалнаршеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра ашколқәа рҿы аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәеи аусура аиҿкаареи рымҩаԥгара", - иҳәеит Двинианин.Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба: Аҟәа (ҩба), Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.Афедералтә алхырҭатә округқәа рҟны "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит. Иаидкыланы Аԥсны алхрақәа ирылахәын 14549-ҩык.
https://sputnik-abkhazia.info/20210921/Asny-imaysuaz-alkhraa-raan-Iaku-Urystyla-aiaaira-ageit-1033253358.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/1b/1031172284_0:0:3072:1930_1920x0_80_0_0_70210e01e1e6c5f295a9c129693916ab.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Двинианин Аԥсны аҵара аминистрра ҭабуп ҳәа реиҳәеит
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рхы рыладырхәит Аԥсны ауааԥсыра 14 нызқьҩык инарзынаԥшуа.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа реиҿкаараҿы ицхырааразы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра
асаит. "Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи ҭабуп ахысҳәаар сҭахуп Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаараҿы шәыцхырааразы", - ҳәа Алексеи Двинианин иажәақәа аагоуп аусбарҭа апресс-маҵзура аҟны.
Ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит аҵара аусхк аусзуҩцәа алхрақәа разыҟаҵараан ганрацәалатәи ацхыраара шыҟарҵаз.
"Уаанӡатәи рԥышәа ду иалнаршеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра ашколқәа рҿы аҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәеи аусура аиҿкаареи рымҩаԥгара", - иҳәеит Двинианин.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба: Аҟәа (ҩба), Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Афедералтә алхырҭатә округқәа рҟны "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит. Иаидкыланы Аԥсны алхрақәа ирылахәын 14549-ҩык.