https://sputnik-abkhazia.info/20210924/Gagrati-araiont-khshtyra-ashaak-eiashayrgylakhoit-1033271236.html
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҟәшақәак еиҭашьақәыргылахоит
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҟәшақәак еиҭашьақәыргылахоит
Sputnik Аҧсны
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа акабинетқәеи ареанимациатә ҟәшеи еиҭашьақәыргылахоит аҭыԥантәи анаплакҩцәа рыцхыраареи араионтә биуџьет иазаунажьуа аԥаралеи. 24.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-24T09:54+0300
2021-09-24T09:54+0300
2021-09-24T10:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102988/85/1029888544_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_b923794443da09f3816d0e30230278cc.jpg
АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа акабинетқәеи ареанимациатә ҟәшеи рҟны аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит, ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.Иара иҳәеит аусурақәа рзы ишаҭаху х-миллионки 200 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара. Урҭ рҟынтәи миллионки 600 нызқь мааҭ аҭыԥантәи анаплакыҩцәеи ахатәхаҿқәеи иршәоит.Барцыц иҳәеит аусурақәа жьҭаара 10 азынӡа ихыркәшахап ҳәа ишгәыӷуа, анаҩс аԥҟаратә ҟәша аиҭашьақәыргыларахь ииасуеит."Аҩнуҵҟатәи аусурақәа рацәак аанымхеит. Ареанимациаҿы иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, асантехника, ишьҭаҵан 700 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс. Иара убасгьы аппарат УЗИ ахьгылоу акабинет, ахәыҷтәы кабинет рҿы аусурақәа мҩаԥгахоит". - ҳәа иҳәеит иара.Мызкы аԥхьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган амолекулиартә лабораториаҿ. Уи иаҭаххеит ԥшь-миллионки 100 нызқь мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа. Алабораториаз амыругақәа атәыла аиҳабыра иаархәеит.Хә-миллионки 800 нызқь мааҭ ахҭынҵоуп араионтә хәшәтәырҭаз ареанимациатә автомобиль. Барцыц иҳәеит ари автомабиль шеиқәыршәоу: адефибриллиатор, акардиограф, аҵәыҵәри баллонқәа рыла.Цәыббрамза алагамҭазы ара иаздырхиеит акоронавирустә инфекциа змоу рзы 50 иара ахьыҟоу астационар. Ара аҵәыҵәри ишиашоу инеиуа иҟаҵоуп. Уи иақәхарџьуп миллионки 800 нызқь мааҭ аԥара.
https://sputnik-abkhazia.info/20210921/Skorik-PTsR-laboratoria-ytsa-rybakh-dalatsazheit-1033251146.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102988/85/1029888544_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_487b5a3496714c4f9ff9bc909430b9c9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҟәшақәак еиҭашьақәыргылахоит
09:54 24.09.2021 (ирҿыцуп: 10:00 24.09.2021) Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа акабинетқәеи ареанимациатә ҟәшеи еиҭашьақәыргылахоит аҭыԥантәи анаплакҩцәа рыцхыраареи араионтә биуџьет иазаунажьуа аԥаралеи.
АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа акабинетқәеи ареанимациатә ҟәшеи рҟны аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахоит, ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Иара иҳәеит аусурақәа рзы ишаҭаху х-миллионки 200 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара. Урҭ рҟынтәи миллионки 600 нызқь мааҭ аҭыԥантәи анаплакыҩцәеи ахатәхаҿқәеи иршәоит.
"Араион анаплакҩцәа рахь аҳәара ҟаҳҵеит. 12-ҩык уи ақәҿырҭит. Ахәшәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәо избарц зҭаху ауааԥсырагьы аганахь имгылеит. Миллионки 683 нызқьмааҭ наҳххьеит, еиҭах иаҭахуп миллионки 700 нызқь мааҭ. Уи араионтә биуџьет аҟынтә акәхар ҟалоит". - ҳәа иҳәеит Барцыц.
Барцыц иҳәеит аусурақәа жьҭаара 10 азынӡа ихыркәшахап ҳәа ишгәыӷуа, анаҩс аԥҟаратә ҟәша аиҭашьақәыргыларахь ииасуеит.
"Аҩнуҵҟатәи аусурақәа рацәак аанымхеит. Ареанимациаҿы иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, асантехника, ишьҭаҵан 700 метр ԥшьыркца ахаҳәҟьаԥс. Иара убасгьы аппарат УЗИ ахьгылоу акабинет, ахәыҷтәы кабинет рҿы аусурақәа мҩаԥгахоит". - ҳәа иҳәеит иара.
Мызкы аԥхьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган амолекулиартә лабораториаҿ. Уи иаҭаххеит ԥшь-миллионки 100 нызқь мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа. Алабораториаз амыругақәа атәыла аиҳабыра иаархәеит.
Хә-миллионки 800 нызқь мааҭ ахҭынҵоуп араионтә хәшәтәырҭаз ареанимациатә автомобиль. Барцыц иҳәеит ари автомабиль шеиқәыршәоу: адефибриллиатор, акардиограф, аҵәыҵәри баллонқәа рыла.
Цәыббрамза алагамҭазы ара иаздырхиеит акоронавирустә инфекциа змоу рзы 50 иара ахьыҟоу астационар. Ара аҵәыҵәри ишиашоу инеиуа иҟаҵоуп. Уи иақәхарџьуп миллионки 800 нызқь мааҭ аԥара.