Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьапуа, Сымсым, Емырхәба хылаԥшрада ақалақь иалоу арахә ирызкны

© SputnikРоман Джопуа
Роман Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
Ақалақь иалоу арахә аанкылашьас ирымоу, ари азҵаара ӡбашьас иаҭатәу азы арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагарқәа рҳәеит Аԥсны аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуеи, Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Феликс Сымсыми, Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәбеи.
Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа, Сымсым, Емырхәба хылаԥшрада ақалақь иалоу арахә ирызкны
"Ас еиԥш иҟоу аспецифика шамахамзар иуԥылом егьырҭ атәылақәа рҟны. Арахә иаҳа хылаԥшра рымоуп, иҭакны ма ҳәырҭак аҟны игәарырхоит. Аԥсны азнеишьа зынӡаск даҽакуп, арахә рхы иақәиҭуп, амҩақәа ирнуп.
Аӡҵаара аӡбара рҽазыркқәахьеит, аха иуадаҩуп аӡбара, уи зыхҟьогьы исҳәаз ауп. Аиаша уҭахызар, иара азҵаара аӡбара шьаҭанкыла аӡәгьы даламгацт. Аӡбашьа амоуп, иҟалап араионқәа рхадара маҷк иацәшәозаргьы уи уамаӡак аԥара аҭахуп ҳәа. Уеизгьы ауаҩы зынӡаск ибӷа ԥызҵәаша аҭаххом. Ари аус знапы иаку, ҳара ҳаиԥш хылаԥшра азҭо амаҵзурақәа зҳәаз еиԥш, еилахәны, еилацәажәаны ирыӡбар рылшоит, иҳацәмаҷу аимадара ауп, уи хабалакгьы уадаҩрас иҟоуп", - иҳәеит Џьопуа.
Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Феликс Сымсым ицәажәаран азҵаара шьаҭанкыла ӡбашьас иҟоу арахә ақалақьқәа рҿы хылаԥшрада имныҟәаларц ишьны рықәгара ауп ҳәа азгәеиҭеит. Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба дазааҭгылеит араион аҟны ари азҵаара ишазнеиуа атәы.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0