https://sputnik-abkhazia.info/20210925/Auryssha-yzkua-aekonomikagy-dayrkhagoup-aeksperttsa-rgaanagara-1033279448.html
Аурысшәа иаԥырхагоу, аекономикагьы даԥырхагоуп: аекспертцәа ргәаанагара
Аурысшәа иаԥырхагоу, аекономикагьы даԥырхагоуп: аекспертцәа ргәаанагара
Sputnik Аҧсны
Уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рҿы аурысшәа ишазыҟоу шәаԥхьа Sputnik ахҳәааҿы. 25.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-25T14:00+0300
2021-09-25T14:00+0300
2021-09-25T14:05+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1d/1032519167_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_fbb5c1f38451406b46721dffd62d75e6.jpg
Асовет Еидгыла еилаҳаижьҭеи 30 шықәса ҵит, ааигәатәи аҳәаанырцә тәылақәа рҿы уажәы-уажәы азҵаара шьҭырхуеит: аурысшәа аԥырхагоума амилаҭтә бызшәа аҿиара? Цәыббра 23 рзы Кырӷысҭан ахада Садыр Жапаров агәаанагара ааирԥшит акырӷыз бызшәа ишақәнагоу иҿиаразы урысшәала аусеилыргара аԥыхтәуп ҳәа (уажәы атәылаҿы ҩ-бызшәак рыла аусеилыргара мҩаԥысуеит).Убри аамҭазы уаанӡатәи асовет ҳәынҭқаррақәа рҿы абри аҩыза алкаа ҟарҵеит: аурысшәа аҵак ду амоуп аекономикатәи атехникатәи ҿиаразы. Аурысшәа аҭыԥ аҽшаԥсахуеи уаанӡатәи СССР атәылақәа рҟны уи азыҟазаашьа аҽшеиҭанакуеи ртәы еилылкаауан Sputnik акорреспондент.Данара КурмановаАкырӷыз нхацәа - аурысшәа иадгылоупАтәыла ахада Жапаров аурысшәа аусеилыргара иалхтәуп ҳәа аниҳәо аамҭазы атәыла иреиӷьӡоу ауниверситетқәа иреиуоу - Ельцин ихьӡ зху Кырӷыз-Урыстәылатәи Аславиан университет абри аҩыза ажәаԥҟа аԥҵаны иамоуп: "Аурысшәа абзоурала шәара адунеи аҿы аԥыжәара жәгоит!" ("С русским языком вы покорите мир!"). Уа аус зуа аҵарауаа ракәзар, рыҭҵаамҭақәа рыла ишьақәдырӷәӷәоит: акырӷызцәа реиҳараҩык аурысшәа атәыла аҿиаразы ихымԥадатәиуп."Ҳара аҭҵаарақәа мҩаԥаагеит, - иҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ауниверситет апрофессор Мамед Тагаев. – Атәыла арегионқәа рҟны 740-ҩык ауаа ҳразҵааит, 30 - 60 шықәса зхыҵуа рыбжьара".Азҵаара алҵшәақәа рыла, 99% ирыԥхьаӡоит аурысшәа иабзоураны аҵара бзиа роуеит, рыпрофессионалтә ҩаӡара азнарҳауеит, иахьатәи аамҭазы аусураҿы ҽаӡәы иҵамхо иҟанаҵоит, иара убас аҳәаанырцәтә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы иацхраауеит, иҳәоит апрофессор Тагаев."Аконституциа ҿыц аҿы аурысшәа официалтәны иаанхеит. Атәылаҿы аполитикатә хҭысқәа ахьааигәахо азы шьоукы-шьоук аҽхырцәажәара иалагеит, уи Аконституциа иалхтәуп ҳәа", - иҳәеит иара. Аусеилыргараҿы иҟалар зылшо ареформақәа аурысшәа астатус рыԥсахыр рылшома ҳәа Sputnik азҵаара аҭак ҟаҵо, Мамед Тагаев иҳәеит:"Уажәы дарбанзаалак атәылауаҩ азин имоуп урысшәала арзаҳал аҩра, уи конституциала ишьақәырӷәӷәоуп. Хымԥада, аусеилыргара акырӷыз бызшәахь ииаргар, аурысшәа аҭагылазаашьа арԥсыҽуеит". Иахьазы атәылаҿы урысшәала адокументқәа реиқәыршәара алырхуеит 26% ауааԥсыра. Кырӷысҭан Амилаҭтә статистикатә еилакы адыррақәа рыла, 2021 шықәса рзы 6,6 млн рахьтә 1,7 млн милаҭла икырӷызцәаӡам.Агәылацәа рҿы аусқәа шԥацо?Казахсҭан акәзар, аурысшәа аҭыԥ ладырҟәырц ргәы иҭаӡам, активист Куат Ахметов абызшәатә гәаҭарақәа шымҩаԥигазгьы. Иара дәқьанқәак рҟны аҟазах бызшәа рдыруоу ирымдыруоу аилкаара ахьаԥшьигаз азы, иганахьала ашьаус хацдыркит амилаҭтә цәымибаӷра арҵысразы.Ахметов иҟаиҵаз дақәыӡбеит атәыла ахада Касым-Жомарт Токаев, иара ауаа иргәалаиршәеит аурысшәа амилаҭқәа реигәныҩра иабызшәаны ишыҟоу, азакәан инақәыршәаны уи ахархәара аԥырхагахара ҟалаӡом ҳәа."Ҟазахсҭан Ареспублика абызшәазы азакәан" инақәыршәаны, аурысшәа аҳәынҭқарратә (аҟазах бызшәа - аред.) инаваргыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аусеилыргареи рҟны ахархәара амоуп. "Урыстәылеи Ҟазахсҭани рҳәаа адунеи аҿы зегь реиҳа иаууп. Аурысшәа - Еиду амилаҭқәа реиҿкаара абызшәақәа фба ируакуп, убри азы ари азҵаара ишақәнагоу иазнеитәуп", - иҳәеит Токаев, иагьазгәеиҭеит аҟазах бызшәа аҵара - "Ҟазахсҭан зыԥсҭазаара адызҳәало зегьы уалс ирыдуп", аха убри аан аҳәынҭқарра "арадикалтә знеишьақәа аԥнарҟәҟәаалоит" ҳәа. Аурыс бызшәа аҵак ду шамоу атәы иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев. Иара иргәалаиршәеит атәылаҿы 340 школ аус шыруа, урҭ зегьы рҿы урысшәала аҵараиура мҩаԥысуеит. Аурысшәа арҿиоит Узбекисҭангьы, уа атәыла аиҳабыра ахахьы иагеит аџьатә мигрантцәа аурысшәа дырҵара аус. "Узбекисҭан аусурамазаара аминистрреи Урыстәылатәи амилаҭқәа реиҩызара ауниверситети аус еицыруеит, - ҳәа азгәеиҭеит Sputnik акомментари азҭаз Санкт-Петербургтәи аузбек милаҭ-культуратә автономиа аиҳабы Суратбек Абдурахимов. – Урҭ рыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Узбекисҭантәи аурыс бызшәа арҵаҩцәа 700-ҩык рыквалификациа еиздырҳаит, уажәшьҭа амигрантцәа аурысшәа ддырҵалар рылшоит"."Аурысшәа иара убас жәларбжьаратәи аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, аусутә еизыҟазаашьақәеи ирбызшәоуп", - иҳәеит иара."Аӡәгьы амилаҭтә бызшәақәа дырҿагылаӡам"Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Пушкин ихьӡ зху Аурыс бызшәа аҳәынқарратә институт аҭҵааарадырразы аректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Осадчи игәаанагарала, адунеи аҿы аурысшәа аабатәи аҭыԥ ааннакылоит уи ала ицәажәо рхыԥхьаӡарала, уи ахархәара амоуп 15 жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рҿы (англыз бызшәа акәзар - 23 рҿы). Ҿырԥштәык аҳасабала Михаил Осадчи Украина аӡбахә иҳәеит."Украина атәылауаа урысшәала иқәыргылоу аспектакльқәеи афильмқәеи ирыхәаԥшыр зырҭахыуи? Убас Урыстәыла бзиа ирбома? Мап, урҭ ус ирзыманшәалоуп азоуп. Аха аҳәынҭқарра аалаган, ауаа зышьцылоу, ирҭаху иаԥырхагоуп".Убри аан украинатәи политологцәақәак аурыс бызшәа мап ахьацәыркуа афакт Урыстәыла иаԥырхагоуп ҳәа ирҳәо аиаша иацәыхароуп иҳәеит Осадчи."Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа уи зынӡаск иаԥырхагаӡам, - иҳәеит иара. - Украина аҩнуҵҟа акәзар, аибарххара цәырнагоит. Ауаа иргәаԥхаӡом иахьахәҭам аԥкрақәа анырзаԥырҵо. Иара убас еилкаатәу ак ыҟоуп - абызшәарацәара иаанагаӡом амилаҭтә бызшәа иагәҭасны аурыс бызшәа аԥыжәара аго иҟаҵатәуп ҳәа. Зыӡбахә рҳәо аиҟарароуп. Шьоукы рзы уи тәымуп, ҿыц аҵара рықәшәоит, шәара шәакәзар - иаразнак ҩ-бызшәак жәдыруеит, уи бааԥсыс иало акгьы ыҟам, мап ацәктәым".
https://sputnik-abkhazia.info/20200709/Zkhaty-zzymykhcho-daa-itgy-izykhchom-1030496565.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210603/Urystyla-aaanyrts-studenttsa-rzy-agranta-alargaloit-1032548895.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1d/1032519167_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_59a10ca81536af30ac44fbc57b6798f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аурысшәа иаԥырхагоу, аекономикагьы даԥырхагоуп: аекспертцәа ргәаанагара
14:00 25.09.2021 (ирҿыцуп: 14:05 25.09.2021) Уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рҿы аурысшәа ишазыҟоу шәаԥхьа Sputnik ахҳәааҿы.
Асовет Еидгыла еилаҳаижьҭеи 30 шықәса ҵит, ааигәатәи аҳәаанырцә тәылақәа рҿы уажәы-уажәы азҵаара шьҭырхуеит: аурысшәа аԥырхагоума амилаҭтә бызшәа аҿиара? Цәыббра 23 рзы Кырӷысҭан ахада Садыр Жапаров агәаанагара ааирԥшит акырӷыз бызшәа ишақәнагоу иҿиаразы урысшәала аусеилыргара аԥыхтәуп ҳәа (уажәы атәылаҿы ҩ-бызшәак рыла аусеилыргара мҩаԥысуеит).
Убри аамҭазы уаанӡатәи асовет ҳәынҭқаррақәа рҿы абри аҩыза алкаа ҟарҵеит: аурысшәа аҵак ду амоуп аекономикатәи атехникатәи ҿиаразы. Аурысшәа аҭыԥ аҽшаԥсахуеи уаанӡатәи СССР атәылақәа рҟны уи азыҟазаашьа аҽшеиҭанакуеи ртәы еилылкаауан Sputnik акорреспондент.
Акырӷыз нхацәа - аурысшәа иадгылоуп
Атәыла ахада Жапаров аурысшәа аусеилыргара иалхтәуп ҳәа аниҳәо аамҭазы атәыла иреиӷьӡоу ауниверситетқәа иреиуоу - Ельцин ихьӡ зху Кырӷыз-Урыстәылатәи Аславиан университет абри аҩыза ажәаԥҟа аԥҵаны иамоуп: "Аурысшәа абзоурала шәара адунеи аҿы аԥыжәара жәгоит!" ("С русским языком вы покорите мир!"). Уа аус зуа аҵарауаа ракәзар, рыҭҵаамҭақәа рыла ишьақәдырӷәӷәоит: акырӷызцәа реиҳараҩык аурысшәа атәыла аҿиаразы ихымԥадатәиуп.
"Ҳара аҭҵаарақәа мҩаԥаагеит, - иҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ауниверситет апрофессор Мамед Тагаев. – Атәыла арегионқәа рҟны 740-ҩык ауаа ҳразҵааит, 30 - 60 шықәса зхыҵуа рыбжьара".
Азҵаара алҵшәақәа рыла, 99% ирыԥхьаӡоит аурысшәа иабзоураны аҵара бзиа роуеит, рыпрофессионалтә ҩаӡара азнарҳауеит, иахьатәи аамҭазы аусураҿы ҽаӡәы иҵамхо иҟанаҵоит, иара убас аҳәаанырцәтә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы иацхраауеит, иҳәоит апрофессор Тагаев.
"Аконституциа ҿыц аҿы аурысшәа официалтәны иаанхеит. Атәылаҿы аполитикатә хҭысқәа ахьааигәахо азы шьоукы-шьоук аҽхырцәажәара иалагеит, уи Аконституциа иалхтәуп ҳәа", - иҳәеит иара.
Аусеилыргараҿы иҟалар зылшо ареформақәа аурысшәа астатус рыԥсахыр рылшома ҳәа Sputnik азҵаара аҭак ҟаҵо, Мамед Тагаев иҳәеит:
"Уажәы дарбанзаалак атәылауаҩ азин имоуп урысшәала арзаҳал аҩра, уи конституциала ишьақәырӷәӷәоуп. Хымԥада, аусеилыргара акырӷыз бызшәахь ииаргар, аурысшәа аҭагылазаашьа арԥсыҽуеит".
Иахьазы атәылаҿы урысшәала адокументқәа реиқәыршәара алырхуеит 26% ауааԥсыра. Кырӷысҭан Амилаҭтә статистикатә еилакы адыррақәа рыла, 2021 шықәса рзы 6,6 млн рахьтә 1,7 млн милаҭла икырӷызцәаӡам.
"Иааит аамҭа арҭ аҩбызшәак реиуаршәара, - ҳәа иԥхьаӡоит апрофессор Тагаев. - Иаартны зыӡбахә рымҳәо арҭ аҩбызшәак реиҿагылара аԥыхтәуп, еилкаатәуп аурысшәа акырӷызцәа ишрыцәтәымым, уи иабзоураны алшара ҿыцқәа дарбанзаалак, иааидкыланы аҳәынҭқаррагьы ишаиоуа".
Агәылацәа рҿы аусқәа шԥацо?
Казахсҭан акәзар, аурысшәа аҭыԥ ладырҟәырц ргәы иҭаӡам, активист Куат Ахметов абызшәатә гәаҭарақәа шымҩаԥигазгьы. Иара дәқьанқәак рҟны аҟазах бызшәа рдыруоу ирымдыруоу аилкаара ахьаԥшьигаз азы, иганахьала ашьаус хацдыркит амилаҭтә цәымибаӷра арҵысразы.
Ахметов иҟаиҵаз дақәыӡбеит атәыла ахада Касым-Жомарт Токаев, иара ауаа иргәалаиршәеит аурысшәа амилаҭқәа реигәныҩра иабызшәаны ишыҟоу, азакәан инақәыршәаны уи ахархәара аԥырхагахара ҟалаӡом ҳәа.
"Ҟазахсҭан Ареспублика абызшәазы азакәан" инақәыршәаны, аурысшәа аҳәынҭқарратә (аҟазах бызшәа - аред.) инаваргыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аусеилыргареи рҟны ахархәара амоуп.
"Урыстәылеи Ҟазахсҭани рҳәаа адунеи аҿы зегь реиҳа иаууп. Аурысшәа - Еиду амилаҭқәа реиҿкаара абызшәақәа фба ируакуп, убри азы ари азҵаара ишақәнагоу иазнеитәуп", - иҳәеит Токаев, иагьазгәеиҭеит аҟазах бызшәа аҵара - "Ҟазахсҭан зыԥсҭазаара адызҳәало зегьы уалс ирыдуп", аха убри аан аҳәынҭқарра "арадикалтә знеишьақәа аԥнарҟәҟәаалоит" ҳәа.
Аурыс бызшәа аҵак ду шамоу атәы иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев. Иара иргәалаиршәеит атәылаҿы 340 школ аус шыруа, урҭ зегьы рҿы урысшәала аҵараиура мҩаԥысуеит. Аурысшәа арҿиоит Узбекисҭангьы, уа атәыла аиҳабыра ахахьы иагеит аџьатә мигрантцәа аурысшәа дырҵара аус.
"Узбекисҭан аусурамазаара аминистрреи Урыстәылатәи амилаҭқәа реиҩызара ауниверситети аус еицыруеит, - ҳәа азгәеиҭеит Sputnik акомментари азҭаз Санкт-Петербургтәи аузбек милаҭ-культуратә автономиа аиҳабы Суратбек Абдурахимов. – Урҭ рыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Узбекисҭантәи аурыс бызшәа арҵаҩцәа 700-ҩык рыквалификациа еиздырҳаит, уажәшьҭа амигрантцәа аурысшәа ддырҵалар рылшоит".
"Аурысшәа иара убас жәларбжьаратәи аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, аусутә еизыҟазаашьақәеи ирбызшәоуп", - иҳәеит иара.
"Аӡәгьы амилаҭтә бызшәақәа дырҿагылаӡам"
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Пушкин ихьӡ зху Аурыс бызшәа аҳәынқарратә институт аҭҵааарадырразы аректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Осадчи игәаанагарала, адунеи аҿы аурысшәа аабатәи аҭыԥ ааннакылоит уи ала ицәажәо рхыԥхьаӡарала, уи ахархәара амоуп 15 жәларбжьаратә еиҿкаарақәа рҿы (англыз бызшәа акәзар - 23 рҿы).
"Абызшәарацәара - ҳаамҭазы азҿлымҳара ду амоуп, уи иабзоураны ақәҿиара дуқәа уоуеит, аӡәырҩы уреиӷьхоит, - иҳәеит Осадчи Sputnik аинтервиу аҭо. – Атәыла ахала ауааԥсыра абызшәа рацәа рдырраҿы ирԥырхагазар, уи ахы иаҵаӷьычуеит ауп иаанаго: иармаҷуеит абизнес-еимадарақәа, иааидкыланы атәылауаа рҭахрақәа ирҿагылоит".
Ҿырԥштәык аҳасабала Михаил Осадчи Украина аӡбахә иҳәеит.
"Украина атәылауаа урысшәала иқәыргылоу аспектакльқәеи афильмқәеи ирыхәаԥшыр зырҭахыуи? Убас Урыстәыла бзиа ирбома? Мап, урҭ ус ирзыманшәалоуп азоуп. Аха аҳәынҭқарра аалаган, ауаа зышьцылоу, ирҭаху иаԥырхагоуп".
Убри аан украинатәи политологцәақәак аурыс бызшәа мап ахьацәыркуа афакт Урыстәыла иаԥырхагоуп ҳәа ирҳәо аиаша иацәыхароуп иҳәеит Осадчи.
"Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа уи зынӡаск иаԥырхагаӡам, - иҳәеит иара. - Украина аҩнуҵҟа акәзар, аибарххара цәырнагоит. Ауаа иргәаԥхаӡом иахьахәҭам аԥкрақәа анырзаԥырҵо. Иара убас еилкаатәу ак ыҟоуп - абызшәарацәара иаанагаӡом амилаҭтә бызшәа иагәҭасны аурыс бызшәа аԥыжәара аго иҟаҵатәуп ҳәа. Зыӡбахә рҳәо аиҟарароуп. Шьоукы рзы уи тәымуп, ҿыц аҵара рықәшәоит, шәара шәакәзар - иаразнак ҩ-бызшәак жәдыруеит, уи бааԥсыс иало акгьы ыҟам, мап ацәктәым".