00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зус иазҟазоу: асахьаҭыхыҩ Габелиа апандемиа аамҭазы иусура атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаша Габелия
Лаша Габелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ, аонлаин-цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" алахәыла Лаша Габелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апандемиа аамҭа рҵаҩык иаҳасабала иусушьа ишаныԥшыз, иара убас аонлаин-цәыргақәҵаҟны иӡыригаз иусумҭақәа ртәы.
Зус иазҟазоу: асахьаҭыхыҩ Габелиа апандемиа аамҭазы иусура атәы
"Аҵараҵара аганахьала еиԥҟьарақәак ҳаман астудентцәеи ҳареи ҳусураҟны. Ҳаамҭазтәи атехнологиатә маҭәахәқәа ҳхы иархәаны адҵақәа раҳҭон. Даргьы ибзианы рхы аадырԥшит, ацәыргақәҵагьы ҟаҳҵеит, ҳдыргәырӷьеит аиашазы.
Арҿиараҿы акәзар, есымша аамҭа ҳацәмаҷуп, иааҳакәыршаны иҟоу аԥшӡара аш ахь аиагаразы. Бзиашәа аамҭа ҳаун, сҩызцәеи сареи ҳцаны аҭыԥ ԥшӡарақәа ҭаҳҵааит. Акы–ҩба убра (аонлаин-цәыргақәҵазы - азгә.) ицәырызгаз урҭ иреиуоуп. Сусумҭақәа аӡын азы иҟасҵаз роуп… Пыв ашьха ажәҩан, аеҵәақәа ҳрыҵаԥшуа абас зны ашара ҳаԥылеит.
Апандемиа лшарақәакгьы ҳнаҭеит, аха ачымазара иахҟьаны ҳҩызцәа иԥсызгьы ҟалеит, угәы еихьызшьуа ауп. Ауаҩы убраанӡа ихы неигеит, аԥсабара дазымхәыцуашәа, ишьҭахь инижьуа", - иҳәеит Габелиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
"Аиҟәгара – аҟазара" ахьӡуп аинформациатә маҵзура Sputnik, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, Асахьаҭыхратә цәыргақәҵатә зал хадеи еицеиҿыркааз аонлаин-цәыргақәҵа. Уи иалахәуп 20-ҩык рҟынӡа аҟазацәа. Ацәыргақәҵа шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0