https://sputnik-abkhazia.info/20210927/Asny-akhada-aazalkhrat-usbara-auszutsa-aamaa-raneisheit-1033290363.html
Аԥсны ахада аҳазалхратә усбарҭа аусзуҩцәа аҳамҭақәа ранеишьеит
Аԥсны ахада аҳазалхратә усбарҭа аусзуҩцәа аҳамҭақәа ранеишьеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет... 27.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-27T16:09+0300
2021-09-27T16:09+0300
2021-09-27T16:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1b/1033289283_0:223:1280:947_1920x0_80_0_0_40e63fa31e90ae63641e361a6d5658ad.jpg
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа рҳамҭаҭара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы."Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа, ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит ақәҵара аҳазалхратә усбарҭа аартразы", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы арҭ аамҭақәа зегьы рзы атәыла аекономика рӷәӷәо иахьчоит амилаҭтә интересқәа, аҳәынҭқарра абиуџьет ахарҭәаараҿы ламысцқьала аусура мҩаԥнагоит ҳәа иҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.Аԥсны ахада иусдҵақәа рыла: изаамҭанытәиу ачын "аҳазалхратә усбарҭа полковник" ланашьоуп аилак документла аиқәыршәара аҟәша аиҳабы Белла Кәыҵниаԥҳа, агәлаҵатә дырга ранашьоуп Анана Гогохьиа, Ҭемыр Лашәриа, Алхас Тарнаа, Леван Чагәаа, Георги Чхотуа, агәлаҵатә дырга "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳазалхҩы" ранашьоуп Еҭери Ачԥҳа, Оҭар Ашәба, Гәырам Барцыц, Нона Кәыҵниаԥҳа, Беслан Кобахиа, Светалана Маанԥҳа, Алиас Хышба, Иола Чабалырхәа.Цәыббра 27азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак аҿы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аусзуҩцәа рбаҟа аадыртит.
https://sputnik-abkhazia.info/20210927/Asny-aazalkhrat-eilak-ay-iakhaz-rbaa-aadyrtit-1033288952.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1b/1033289283_0:156:1280:960_1920x0_80_0_0_5dcd171561e7de1ed4eee94fb6d3b1fd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны ахада аҳазалхратә усбарҭа аусзуҩцәа аҳамҭақәа ранеишьеит
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит ақәҵара аҳазалхратә усбарҭа аартразы.
АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа рҳамҭаҭара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы.
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа, ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит ақәҵара аҳазалхратә усбарҭа аартразы", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы арҭ аамҭақәа зегьы рзы атәыла аекономика рӷәӷәо иахьчоит амилаҭтә интересқәа, аҳәынҭқарра абиуџьет ахарҭәаараҿы ламысцқьала аусура мҩаԥнагоит ҳәа иҳәоит ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Аԥсны ахада иусдҵақәа рыла: изаамҭанытәиу ачын "аҳазалхратә усбарҭа полковник" ланашьоуп аилак документла аиқәыршәара аҟәша аиҳабы Белла Кәыҵниаԥҳа, агәлаҵатә дырга ранашьоуп Анана Гогохьиа, Ҭемыр Лашәриа, Алхас Тарнаа, Леван Чагәаа, Георги Чхотуа, агәлаҵатә дырга "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳазалхҩы" ранашьоуп Еҭери Ачԥҳа, Оҭар Ашәба, Гәырам Барцыц, Нона Кәыҵниаԥҳа, Беслан Кобахиа, Светалана Маанԥҳа, Алиас Хышба, Иола Чабалырхәа.
Цәыббра 27азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилак аҿы рмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз аусзуҩцәа рбаҟа аадыртит.