Бибилов иҳәеит Бжьаниеи иареи злацәажәараны иҟоу азҵаарақәа рыӡбахә

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Анапаҵаҩра
2005 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
ГАГРА, цәыббра 27 - Sputnik, Бадри Есиава. Аекономика, акультура, аспорт, аҵарадырра уҳәа ирылацәажәараны иҟоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа. Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Анатоли Бибилов.
"Сара ара Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иааԥхьарала сыҟоуп. Ҳара ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп аекономикатә ҿиара, акультура, аспорт, аҵарадырра уҳәа аусхкқәа", - ҳәа иҳәеит Бибилов.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аешьаратә еизыҟазаашьақәа аибашьра ҟалаанӡагьы аҿиара аманы ишыҟаз, ажәытә аамҭақәа раангьы аҿиара шрымаз.
Бибилов иҳәеит ԥхьаҟагьы арҭ аизыҟазаашьақәа еиҳагьы иҭбаахап, иҵауылахап ҳәа агәра шиго.
Выборы президента Южной Осетии и референдум о переименовании республики - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2021
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсныҟа дааит
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов Аԥсныҟа дааит цәыббра 27 азы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира иазку аусмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәырц.
Аҳәааҿы асасцәа ирԥылеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Ашәахьа цәыббра 27 рзы, Анатоли Бибилов напхгара зиҭо Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу ахатәгәаԥхаҩцәа ауаԥс еибашьцәа Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан.
Анатоли Бибилов иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иааԥхьарала дшааз. Гәахәаралагьы ихы шрылаирхәо агәалашәаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0