Аԥсны амашьына арныҟәцаҩцәа реилазаара аибашьра аинвалидцәа ацхыраара рырҭеит

© Foto / предоставлено Михаилом ХашбаЧлены сообщества водителей Абхазии собрали деньги для инвалидов войны ко Дню Победы
Члены сообщества водителей Абхазии собрали деньги для инвалидов войны ко Дню Победы   - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылантәи Аԥсныҟа апассаџьырцәа мҩанызго Аԥснытәи амашьына арныҟәцаҩцәа реилазаара Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа иааигәахо Аиааира амш рыдырныҳәалеит.
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылантәи Аԥсныҟа апассаџьырцәа мҩанызго Аԥснытәи амашьына арныҟәцаҩцәа реилазаара Ареспубликатә реабилитациатә центр аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа 140 нызқь мааҭ ҳамҭас ирырҭеит, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ари аилазаара ахаҭарнак Михаил Ҳашба.
"Ҳаилазаара еиднакылоит 159-ҩык. Ҳара еизаагеит 140 000 мааҭ, Ареспубликатә реабилитациатә центр аҿы иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ираҳҭеит материалтә цхыраарак аҳасаб ала", - иҳәеит Ҳашба.
Иара иҳәеит, аԥареизгара иара убасгьы ишалахәыз "Трансфер Спецназначения" анапхгаҩы Руслан Чокуа, "Трансфер Сухум Сочи Моремол" адиректор Маниа Маврик, афирма "Дильбер тур" анапхгаҩы Ҭемыр Шапковски, Римма Варданиан зхадараҿы дыҟоу Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза адиспетчерцәа ргәыԥ.
Ҳашба иажәақәа рыла аԥаратә ҳамҭа аинвалидцәа ирыҭан цәыббра 27 азы.
1992 шықәса нанҳәа 14 азы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны иақәлеит бџьарла еиқәных. Раԥхьатәи амш инаркны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӡәк иеиԥш аԥсадгьыл ахьчара игыларц.
1993 шықәса цәыббра 27 азы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Цәыббра 30 азы Аԥсны ахыи-аҵыхәеи ҭарцәын.
Ажәабжьқәа зегьы
0