Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қапба Жәлар рпоет Платон Бебиа изы: ажәеинраала иеиԥш иаԥхьоз ҽаӡәы иӡбахә аҳәара уадаҩуп

© SputnikРуслан Капба
Руслан Капба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2021
Анапаҵаҩра
Алитератураҭҵааҩы, акритик Руслан Қапба арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Жәлар рпоет, ашәҟәыҩҩы, апублицист Платон Бебиа дигәалаиршәеит.
Қапба Жәлар рпоет Платон Бебиа изы: ажәеинраала еиԥш иаԥхьоз ҽаӡәы иӡбахә аҳәара уадаҩуп
Асовет Еидгылеи, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны Жәлар рпоет Платон Бебиа иԥсҭазаара далҵит цәыббра 26 рзы. Иахьа иара аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аҟәа. Апоет анышә дамардоит Кутол.
"Платон Бебиа ҳаԥсуа литератураҟны ахатәрақәа дреиуоуп, иара баша ихымлаӡеит "Жәлар рпоет" ҳәа ахьӡ. Ҳаамҭазы Платон Бебиа еиԥш аԥсуа жәеинраала иаԥхьоз даҽаӡәы иӡбахә аҳәара уадаҩуп, убриаҟара исахьаркны , аԥсы ахаҵаны даԥхьон.Уи аурыс поетцәагьы дрывагыланы убас исахьаркны, даара угәы иаахәаратәы, иааџьоушьаратәы даԥхьон.
Платон ибаҩхатәра ҷыдақәа иреиуан ауаҩы ицәажәашьа аҟаҵара, иумбозар, даҽаӡәы иакәу џьушьон ицәажәоз. Иара итәы аныҟарҵозгьы дахгәаауа дыҟамызт, идыруан аҟазара иаҵанакуаз. Убасгьы Платон иҟазараҟны иҷыдан иҟан иара иҩымҭақәа ҿырҳәала ишидыруаз еиԥш, егьырҭ апоетцәагьы рҩымҭақәа ҿырҳәала иҳәон, даԥхьаӡомызт, убриаҟара игәынкылара бзиан, абаҩхатәра илан артистизм ацны", - ихәеит Қапба.
Иаҳа инеиҵыхны анҵамҭа аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0