Аԥсны Апарламент аҿы ахԥатәи аԥхьарала акассатә техника ахархәаразы азакәан рыдыркылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Анапаҵаҩра
Ареспублика иахьаҵанакуа агәаҭара-кассатә система ақәыргылара апроцедура хыркәшахароуп 2024 шықәсазы.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҿы акассатә техника ахархәаразы ахԥатәи аԥхьарала "Аԥсны ахәшәарақәа раан агәаҭара-кассатә техника ахархәаразы" азакәан рыдыркылеит.
Инал Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Занҭариа аказначеитә усбарҭа аусура иазкны
Азакәан амчра аиуеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Аилыркаагатә документ инақәыршәаны аусбарҭа иаиуеит алшара Аԥсны имҩаԥысуа атранзакциақәа зегьы онлаинла рхылаԥшра. Уи ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчаразы ихәарҭоуп, иагьрыгнархоит ашәахтә гәаҭарақәа рхыԥхьаӡара. Азакәан ишазԥхьагәанаҭо акоммерциатә банкқәа рҟны амашьынақәа рышьақәыргылара, уи иабзоураны абиуџьет аԥара алазгало ауаа рыблала ирбоит рԥара абиуџьет ахь ицоу имцоу.
"Онлаин-кассақәа рсистема ралагалара иахықәкуп иазгәаҭам аԥареикәыршара ахышәаҵышәа аркьаҿра (ашәахтәшәаҩцәа рлагала автоматизациатә хылаԥшра), азинеилагарақәа раарԥшра, абизнес административтә хьанҭара аларҟәра, ашәахтәгәаҭарақәа реиҵатәра, ахархәаҩ изинқәа рыхьчара аҩаӡара аҳаракра", - аҳәоит аилыркаагаҿы.
Апроект иара убасгьа иаҷыдоуп иараҿы иазыԥхьагәаҭо анормақәа акредиттә еиҿкаарақәагьы ахьаҵанакуа.
Акредиттә еиҿкаарақәа рҿы агәаҭара-кассатә система ақәыргылареи ахархәареи аԥарашәаҩцәа аоперациа шымҩаԥго азы QR-код асканерҟаҵарала агәрагара рнаҭоит, ашәахтә усбарҭақәа ракәзар, абиуџьет иалагалатәу аԥарақәа реикәыршара днарбоит.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Џьансыхә Нанба ишиҳәаз ала ККТ-система алагаларала атранзакциақәа рзы онлаин информациа ҟарҵалоит, абиуџьет алагалақәа рзы аманиторинг амҩаԥгара еиҳау аҩаӡарахь ихаргалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0