Аԥсны ЕАЕС атауартә номенклатура напхгагас иҟанаҵоит

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Абхазии и России с воздуха
Граница Абхазии и России с воздуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аԥсны аҵакыраҿы Евразиатәи аекономикатә еидгыла атауартә номенклатура напхгагас аҟаҵаразы ақәҵара аднакылеит. Ақәҵара амчра аиуеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аԥсны ЕАЕС атауартә номенклатура напхгагас иҟанаҵоит. Абри азы цәыббра 29 азы имҩаԥысуаз аилатәараҿы ақәҵара аднакылеит Аминистрцәа реилазаара.
Сотрудники Челябинской таможни осуществляют осмотр автомобиля на Троицком таможенном посту в городе Троицке. Челябинская таможня осуществляет контроль за ввозом санкционных товаров на территорию РФ. - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2021
Урыстәыла афинансқәа рминистрраҿы ирҳәеит ЕАЕС аиҭалалараан атауарқәа рхымс еиҭакзарц
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла, апроект аԥшьгоуп Урыстәылеи Аԥсни рзеиԥш социал-економикатә ҵакыра аиҿкааразы апрограмма анагӡара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
"Ари программатә уснагӡатәуп. Аха Аҳазалхратә еилакы иҷыду уснагӡатәқәак мҩаԥнагараны иахьыҟоу (апроцессқәа равтоматизациа, апрограмматә еиқәыршәара) инадҳәаланы апроект иазыԥхьагәанаҭоит амчра аиуразы изнахоу аҿҳәара. Шықәсык ҳамоуп аҽазыҟаҵаразы", - лҳәеит Озган.
Адокумент инақәыршәаны Аҳазалхратә еилакы иахәҭоуп:
- Аԥсны аҳазалхратә усбарҭақәа русураҿы атауартә номенклатура ахархәаразы ихымԥадатәиу апрограмматә хархәагақәа рзы атехҭахрақәа рҳәаақәҵара;
- 2022 шықәса ԥхынгәы 1 азынӡа Аминистрцәа реилазаарахь инашьҭызароуп аус рыдуланы Аԥсны аҳазалхратә ҳәаа ахысра ҳәаақәызҵо анормативтә зинтә актқәа рҿы аԥсахрақәа.
Абри азы 2002 шықәса жәабран 28 азтәи Аминистрцәа реилазаара ақәҵара амчра ацәыӡны иԥхьаӡоуп.
Ақәҵара ахылаԥшра анапы ианҵоуп Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.
Ажәабжьқәа зегьы
0