"Гелендваген" аԥсҟы зкыз Шәачатәи амҩаҿы ахысра далагеит

© Sputnik / Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМилиция в Белоруссии
Милиция в Белоруссии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Анапаҵаҩра
Ахҭыс ҟалеит цәыббра 28 рзы Шәачатәи астадион хада ааигәара.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. "Гелендваген" аԥсҟы зкыз Шәачатәи амҩаҿы ахысра далагеит ҳәа аҩуеит "ДТП Сочи" Instagram аҿы.
"Амашьына аԥсҟы зкыз ҩыџьа амҩатә цәаҳәа еимаркит. "Гелендваген" аԥсҟы зкыз ари игәамԥхеит, ишьақәыргылам абџьар ҭыганы ҩынтә игәы нзырхаз диршәарц дхысит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Ахысра ҟазҵаз ахаҿы аполициа дааныркылеит. Аимаки ахҭыс шыҟалази рзы аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0