Таиф Аџьба ихьӡ зху аԥхьахә алауреатцәа есымзатәи ашәарақәа рырҭалоит

© Sputnik / Илона ХварцкияТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2021
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын 2013 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала.
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит Таиф Аџьба ихьӡ зху аԥхьахә алауреатцәа есымзатәи ашәарақәа рзыҟаҵахарц асоциалтә цхыраарак аҳасаб ала.
"2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ишьақәыргылазааит Таиф Аџьба ихьӡ зху Акультура аминистрра алитературатә ԥхьахә алауреатцәа социалтә цхыраарак аҳасаб ала хәба-хәба нызқьмааҭ есымза ирызшәахаларц, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алитература аҿиарахь рлагаламҭазы асиа инақәыршәаны", - аҳәоит адокумент аҿы.
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2020
Иара аԥсҭазаара агәра игон, ма ииҳәарыз Таиф Аџьба иахьа дҳалагылазар
Аԥсны афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2022 шықәсеи егьырҭ ашықәсқәеи рзтәи Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны арҭ аныхрақәа арбазарц. Ашәарақәа мҩаԥыслоит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра ала.
"Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын 2013 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала. Хышықәса рахь знык имҩаԥысуеит ауснагӡатә. Убри аан аҳәара ҟаҳҵоит алауреатцәа асоциалтә цхыраара рыҭараҿы адгылара ҳашәҭарц ", - иҳәеит акультура аминистр Гудиса Агрба.
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә шьаҭаркын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥшьгамҭала. Аицлабра еиҿнакаауеит Аԥсны акультура аминистрра.
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа поет Таиф Аџьба ақырҭцәа рнапаҿы даанхеит. 1992 шықәса жьҭаара 9 азы Таиф Аџьба иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа аруаа. Ишьақәырӷәӷәам аинформациала акраамҭатәи иргәаҟра ашьҭахь Таиф Аџьба дҭархан.
Ажәабжьқәа зегьы
0