Аԥсны жәлар рныҳәа хада: Аиааира Амш

Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Ашьыжь имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови реиԥылара. Уаԥстәылатәи аделегациа Аԥсны иаҭааны иҟоуп агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхәаразы.
Аиԥылара ашьҭахь аҩтәылак рхадацәа Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас иаҭааит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи рнышәынҭрақәа. 
Иара убас Бжьаниеи Бибилови, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи, асасцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан игылоу аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан. 
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 28 шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа имҩаԥган аруаа ргәырӷьаратә мҩасра.
Арратә оркестр ианарҳәоз амузыка ршьаҿа ақәыршәаны имҩасит 500-ҩык аруаа - Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа, урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иртәу аруаа.
 
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Уинахыс Аԥсны Қырҭтәыла амч ахнаҳәеит, ахы иақәиҭхеит, Қырҭтәыла аиурисдикциа азхазымҵо ахатәы напхгара шьақәнаргылеит.
 
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 28 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны иаҭааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 28 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны иаҭааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа. - Sputnik Аҧсны
1/10
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира 28 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны иаҭааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиааираҿы рлагала дууп Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәыла, ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа.
Аиааираҿы рлагала дууп Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәыла, ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа. - Sputnik Аҧсны
2/10
Аиааираҿы рлагала дууп Нхыҵ Кавказ, Алада Урыстәыла, ҭырқәтәылатәи ҳдиаспора рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАгәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхарц иааит изызҳауа абиԥарагьы.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхарц иааит изызҳауа абиԥарагьы. - Sputnik Аҧсны
3/10
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхарц иааит изызҳауа абиԥарагьы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиааиреи Ахьыԥшымреи раҳаҭыр азы Аҟәа аруаа ргәырӷьаратә мҩасра мҩаԥысит.
Аиааиреи Ахьыԥшымреи раҳаҭыр азы Аҟәа аруаа ргәырӷьаратә мҩасра мҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
4/10
Аиааиреи Ахьыԥшымреи раҳаҭыр азы Аҟәа аруаа ргәырӷьаратә мҩасра мҩаԥысит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмҩасра иалахәын 500-ҩык аԥсуа аруааи урыстәылатәи арратә база аррамаҵураауааи.
Амҩасра иалахәын 500-ҩык аԥсуа аруааи урыстәылатәи арратә база аррамаҵураауааи. - Sputnik Аҧсны
5/10
Амҩасра иалахәын 500-ҩык аԥсуа аруааи урыстәылатәи арратә база аррамаҵураауааи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАруаа мҩасуан арратә оркестр иадырҳәоз амарш ршьаҿа ақәыршәаны.
Аруаа мҩасуан арратә оркестр иадырҳәоз амарш ршьаҿа ақәыршәаны. - Sputnik Аҧсны
6/10
Аруаа мҩасуан арратә оркестр иадырҳәоз амарш ршьаҿа ақәыршәаны.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны агәалашәаратә уснагӡатәқәа еиҿкаан.
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны агәалашәаратә уснагӡатәқәа еиҿкаан. - Sputnik Аҧсны
7/10
Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟны агәалашәаратә уснагӡатәқәа еиҿкаан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа аҳаҭыр азы амашьынақәа рыла аԥсуа бираҟқәа кны Аԥсны иалсит.
Аныҳәа аҳаҭыр азы амашьынақәа рыла аԥсуа бираҟқәа кны Аԥсны иалсит. - Sputnik Аҧсны
8/10
Аныҳәа аҳаҭыр азы амашьынақәа рыла аԥсуа бираҟқәа кны Аԥсны иалсит.
© Sputnik / Томас ТхайцукИмҩаԥган амаланыҟәала аспортсменцәа рымҩасра, урҭ хыхьтәи Гәымсҭатәи ацҳа инаркны Ахьӡ-аԥша апарк аҟынӡа инеит.
Имҩаԥган амаланыҟәала аспортсменцәа рымҩасра, урҭ хыхьтәи Гәымсҭатәи ацҳа инаркны Ахьӡ-аԥша апарк аҟынӡа инеит.  - Sputnik Аҧсны
9/10
Имҩаԥган амаланыҟәала аспортсменцәа рымҩасра, урҭ хыхьтәи Гәымсҭатәи ацҳа инаркны Ахьӡ-аԥша апарк аҟынӡа инеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЗЫԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ари амш азы хәыҷгьы-дугьы иргәаладыршәоит.
ЗЫԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ари амш азы хәыҷгьы-дугьы иргәаладыршәоит. - Sputnik Аҧсны
10/10
ЗЫԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ари амш азы хәыҷгьы-дугьы иргәаладыршәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0