Адепутат Кокаиа цәыббра 30 ауха иҟалаз ахысра аӡбахә еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Кокая
Гарри Кокая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Анапаҵаҩра
Апарламентари Гарри Кокаиа Аҟәа цәыббра 30 Аиааира амшныҳәа ауха аветеранцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз ахҭыс атәы еиҭеиҳәеит.
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реиазара - Апарламент адепутат Гарри Кокаиа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо, дахцәажәеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс.
Уаанӡа ААР адырра ҟанаҵахьан Аиааира Амш ауха Кокаиа аҳауахь атапанча хәынтә иҭирҟьеит ҳәа. 
Апарламентари еиҭеиҳәеит аӡҩыбжьатәи иуацәа, иҩызцәа - гәыԥҩык аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи, быжьҩык раҟара, уи аҽны Аиааира Амш Аҟәа иазгәарҭарц ақыҭаҟынтә ишааз, иаргьы ақьафурҭаҿы даарыдтәаларц дышнарыԥхьаз.
"Ԥыҭк ҳтәан. Арыжәтә зжәызгьы ыҟан, изымжәызгьы. Асааҭ 11 рзеиԥш (уахынла - азгә.) ақьафурҭагьы аркрахьы ахы анарха, ҳара адәахьы ҳдәылҵит. Амш цәгьан, аԥшаҳәаҿы аӡәгьы дыҟамызт. Иеицқәаз ныҳәамшха ргәалаҟара ахьыҟаз иахҟьаны, аҳауахь ихысит. Аминистр (аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр - азгә.) данааи, сара соуп ҳәа иасҳәеит, аха уи ус акәу акәму апрокуратура еилнаргааит", - иҳәеит Кокаиа.
Прокуратура. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2021
Аԥсны апрокуратура хада Аҟәа адепутатцәа рхысрақәа рзы агәаҭарақәа ирылагеит
Ахысбыжьқәа заҳаз, урҭ хԥа-ԥшьба ракәын иҟаз, адепутат иажәақәа рыла, гәыԥҩык аветеранцәа аӡыршә шыҟаз идәықәлеит ааигәа игылаз рмашьынақәа рахь инеирц. Убри аамҭазы ақьафурҭа Dolce Vita аганахьала урҭ рахь рхы рханы азинхьчаҩцәа шаауаз рбеит, 10-ҩык раҟара, раԥхьа ААР аминистр дгыланы. 
"Раԥхьа ҳара урҭ ҳрызхьамԥшит. Нас дара рхы ҳақәкны рыбжьы ҭыганы ҿырҭуа иалагеит "Дарбан ихысуаз?" ҳәа, 15-ҟа метра шҳабжьаз. Ҳаргьы ҳаангылеит, иагьаабеит ҳара ҳахь иааскьоз зусҭцәаз", - иҳәеит адепутат. 
Аҩгәыԥк анааидыххыла, Кокаиа Дбар диазҵааит иҟалеи, абас шәзыргәамҵи ҳәа. Аҭакс аминистр деиҭаиазҵааит ихысуаз дарбану ҳәа, адепутат иааигәа игылаз ахацәагьы еимидо далагеит. Убри аамҭазы Кокаиа сара сакәзаргьы ҟалап ихысыз ҳәа Дбар иеиҳәеит, дагьиҳәеит ҭынч ари аҭагылазаашьа иалацәажәарц. Уи аҭакс Дбар мап икит, адепутат итапанча ииҭарц адҵа ҟаиҵеит. Кокаиа уи дақәымшаҳаҭхеит, "снапаҿы абџьар ҳәа акгьы скымызт, аӡәгьы изы шәарҭара аасмырԥшит" ҳәа иеиҳәеит.
"Адепутат - узкьысыр ҟамло хаҿуп, иара иеимдара, ма иҿахәҿыхра ҟалом, убри азы стапанча иҭара мап ацәыскит. Уи ашьҭахь дара мчыла исымырхырц ианақәырк, "Дима, уҽаанкыл!" ҳәа аҳәара сахьӡеит, убри аасҳәан еиԥш ицыз иусзуҩ сармарахьала ишимчыз дыкшеит. Уи иахҟьаны сыԥсы маҷхан, скаҳаит. Схы аҭыԥ аҿы ианааи, зегьы аисра иалагахьан, сгылеит, аха еиҭах аӡә дсысит. Атапанча - сара исхатәуп, уи аамҭазы исыҟәнын, иҭыганы иҟамызт, искӡамызт, дара уи мчыла исымхны иргеит", - иҳәеит Кокаиа.
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2021
Дбар Аҟәа иҟалаз ахысра ахҳәаа аиҭеит
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ишақәнагоу еиԥш иабџьар шимрымхыз. 
"Сабџьар аԥҟара ишаҳәо еиԥш исымрымхӡеит, ашаҳаҭцәа ыҟамызт. Дара азин рымамызт ус аҟаҵара, избанзар сара, раԥхьа иргыланы, аӡәгьы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭасмыргылеит, амч схы иасмырхәеит, сара ҭынч аԥшаҳәаҿы снеиуан. Дарбанҵәҟьаз уи аамҭазы аԥшаҳәаҿы ихысуазгьы дрыздыруамызт. Сара исҳәаз алоуп ишыҟаз. Баша исҳәазаргьы ҟамлари, сеиҳабацәа рус аламҵакәа схахьы изгазар ҟамлари. Хымԥада, адепутат ахысра азин имаӡам. Ари аҩыза аныҳәаан ус ҟазҵақәогьы ыҟазар ҟалап, уи маӡаӡам, аха ус аҟаҵара иашоуп ҳәа аӡәгьы иҳәом, саргьы убрахь сналаҵаны", - ҳәа азгәеиҭеит апарламентари.
Кокаиа иара убас игәаанагара иҳәеит адепутат икьымсразы имоу азин ихы иархәаны ишакәым ихы мҩаԥиго, дхысуа, ауаа ашәарҭара иҭаргыло аҩыза ахымҩаԥгашьа ицәтәымзар шакәу. 
Асабша, ахҭыс аныҟалаз адырҩауха, адепутат Гарри Кокаиа Ареспубликатә хәшәтәырҭа дҭашәеит. Уи игәабзиара аҭагылазаашьазы адырра макьана иҟам. 
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аҟәа аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз аимак азы ақәҵара рыдрымкылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0