Адепутат Кокаиа Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс атәы еиҭеиҳәеит

© SputnikГарри Кокая
Гарри Кокая  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Гарри Кокаиа иҳәеит аусҭҵаара аус шациуа, адепутатра инаҭо аламкьысратә ҭагылазаашьа ихы иаирхәарц игәыы ишҭам.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Апарламент адепутат Гарри Кокаиа аусутә еилацәажәа
раҿы еиҭеиҳәеит иҟаз ахҭыс атәы.
Иара иажәақәа рыла цәыббра 30 ауха ицәаныррақәа аԥыжәара рыҭаны амшын аԥшаҳәаҿы дхысит.
"Раԥхьа иргыланы ажәлари салхыҩцәеи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵои. Сақәшаҳаҭуп, асеиԥш ахымҩаԥгара шиашамыз, адепутаттә етика шеилазгаз. Аветеранцәа рыгәҭа сыҟазаараан сцәаныррақәа сиааиит. Уи ауп ахҭысгьы зыхҟьаз", - иҳәеит иара.
Гарри Кокаиа иҳәеит аҭакԥхықәра дшаҵагыло, адепутатра инаҭо аламкьысратә ҭагылазаашьа ихы иаирхәарц игәы ишҭам.
"Сара аусҭҵаара амҩаԥгара, апрокуратура аус рыцызуеит, сҿахәы рысҭоит, иарбанызаалак ԥынгыларак ҟасҵом. Исымоу амчрақәагьы абри аус аҭҵаараҿы схы иасырхәарц сашьҭам", - иҳәеит Кокаиа.
Аибашьра аветеранцәа дрылацәажәо иҳәеит, амилициа рхымҩаԥгашьа рхы ишақәырҵаз.
"Ҳәарада изыниаз хьымӡӷыршьеит. Урҭ 30 шықәса раԥхьа иахьатәи аҳәынҭқарреи, амилициеи анырыхьчоз ирылшоз рылшом иахьа", - иҳәеит иара.
Абри ашьҭахь Гарри Кокаиа аилацәажәара аанижьит, анаҩстәи аилатәара дшалахәымхо ҳәаны.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха.
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа аамҭала рмаҵурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0