Апарламент аԥхьа еизаз ауаа аидыҵра ргәы иҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукОбстановка вокруг здания Правительства
Обстановка вокруг здания Правительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Апарламент аԥхьа еизаз ауаа аветеранцәа рыпҟара аганахь ала ирыдкылоу ауснагӡатәқәа ирықәшаҳаҭым..
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Апарламент аԥхьа еизаз аимыҵра ргәы иҭам. Ааигәа арахь иааины иҟан ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи. Дара ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵеит апрокурортә еилыргара иазыԥшырц, уажәазы еилыҵырц.
Амитинг алахәылацәақәак Дмитри Дбар имаҵура дамхтәуп ҳәа иқәгылеит, иҟоуп ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа зегьы ҭактәуп ҳәа зҳәо.
Гәынбеи Шамбеи иазгәарҭеит ахада апрокурортә ҭҵаара инҭкааны имҩаԥгахаанӡа ахыркәшаратә ӡбамҭа шидимкыло.
Еизаз рҟынтәи ахада ихаҭа дааины аделегациеи иареи реиԥылара алҵшәақәа еиҭеиҳәарц рҳәеит.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха.
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа аамҭала рмаҵурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Жьҭаара 4, шьыжьнаҵы Аԥсны аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа гылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0