Аԥсны апрокурор хада Апарламент ахь днеиит аилацәажәара алахәхаразы

© SputnikЗаседание парламента
Заседание парламента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент аҿы аилацәажәара цоит, иҟалоит уи ашьҭахь изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥгахар.
АҞӘА, жьҭаара 4- Sputnik. Апрокурор хада Адгәыр Агрба Апарламент ахь днеиит аилацәажәара алахәхаразы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аилацәажәара Апрокуратура хада ахаҭарнакцәа алахәымкәа иалаган, аха Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа урҭ ааиԥхьеит.
15 минуҭ рышьҭахь аилатәаратә зал ахь инеиит Апрокурор хада Адгәыр Агрбеи, ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭырқьбеи.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха.
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Кокаиеи Арӡынбеи Апарламент ахь инеиит изаамҭанытәим аилатәара алахәхаразы
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба Аԥсны ААР ахыбрахь днеины закәаншьаҭада имаз автомат "Калашников" ала ахысра далагеит, анаҩ саҭыԥ аҟынтәи дыбналеит.
Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа аамҭала рмаҵурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә визит аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Жьҭаара 3 рзы АРСМИРА имҩаԥысуаз аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа ашәахьа, жьҭаара 4 асааҭ 11:00 рзы ауаа Апарламент аҿаԥхьа еизарц аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аиҳабыратә хыбрақәа жьҭаара 4 рзы ршәарҭадара рӷәӷәазарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0