Афон Ҿыц аӡымҩангагақәа Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла иԥсаххоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСело Верхняя Эшера в Сухумском районе
Село Верхняя Эшера в Сухумском районе - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программа Афон Ҿыц аӡымҩангагақәа рыԥсахразы 80 миллион мааҭ азоунажьуеит.
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. 15 километра рҟынӡа аӡымҩангагақәа рыԥсахраны иҟоуп Афон Ҿыц Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программа аԥарақәа рыла, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Афон ахада Ҭимур Оҭырба.
"Аӡымҩангагақәа рыԥсахра апроект ақалақь зегьы аҿы имҩаԥгахоит. Аусурақәа мызкы аԥхьа ирылагеит. Иазыԥхьагәаҭоуп ҩышықәса рыҩныҵҟа актәи аетап ахыркәшара", - иҳәеит иара.
Оҭырба иазгәеиҭеит апроект асметатә хәыԥса 80 миллион мааҭ шыҟоу.
Аинвеспрограмма иалаҵахар аҩбатәии ахԥатәии аетапқәа рзы аӡыҭгагатә станциа ҿыц ргылахоит, аӡеизакырҭа аиҭарҽеира азухоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0