https://sputnik-abkhazia.info/20260929/1066006137.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы еиҧылеит мраҭашәаратәи-мрагыларатәи афронтқәа реибашьцәа Аҧсны арбџьармчқәа рырхәҭақәа Гәылрыҧшь араион Маҷара аӡиас... 29.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-29T13:01+0300
2026-09-29T13:01+0300
2026-09-29T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/1d/1066005971_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_86fbbcd327cdcc326f19b478b5fbd2bc.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы еиҧылеит мраҭашәаратәи-мрагыларатәи афронтқәа реибашьцәа Аҧсны арбџьармчқәа рырхәҭақәа Гәылрыҧшь араион Маҷара аӡиас аҟны ақырҭуа ир рхырҕәҕәарҭақәа ҧжәаны Бабышьра ақыҭан Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза ааныркылеит. Кәыдры аӡиас ахықәан еиҧылаз ҳаруаа, ақырҭқәа иҟарҵоз аҿагылара иаиааины ҳадгьылқәа рҭарцәра иаҿын. Уи аҽны Аҧсны аруаа рхы иақәиҭыртәит Очамчыра араион ақыҭақәа. Цәыббра 29 ахәылбыҽха ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәын Очамчыра араион зегьы.
Нижни Новгородынтәи аделегациа Аҟәаҟа иааит.Аҳҭнықалақь ахадараҿы Аҟәеи Нижни Новгороди рхадацәа Ҭемыр Агрбеи Иури Шалабаеви еиԥылеит.Аҟәеи Нижни Новгороди амуниципалбжьаратә усеицура аҿиаразы амҩатә хсаала ҿыц рнапы аҵарҩит.Аусшәҟәы иарбоуп абарҭ ахырхарҭақәа: атуризм; аҵара; акультура;аспорт; акадртә политика; ауаажәларратә халахатәнапхгара.Амҩатә хсаала иҳәаақәнаҵоит анаҩстәи аусеицура ахырхарҭақәеи иалкаау аусмҩаԥгатәқәеи. Урҭ хәҭа-хәҭала инагӡахоит, иахьынӡаҭаху иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭалоит.
Аԥсны атуризм аминистрра иахәҭаны иҟоу, афинанстәгьы уахь иналаҵаны иарбанызаалак ацхыраара рнаҭоит, ареспубликаҿы рыцҳарыла зыԥсҭазаара иалхыз Амина Бикбова лҭаацәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахада Асҭамыр Логәуа."Ҳара ҳзы, Аԥсны жәлар зегьы рзы ари трагедиа дуӡӡоуп. Ҳара уи ас ауп ишаҳаԥхьаӡо, лҭаацәа, лҭынхацәа, лгәакьацәа гәалсра дула ҳрыдышшылоит", ҳәа азгәеиҭеит иара.Иара агәрагара ааирԥшит азинхьчаратә усбарҭақәа ишахәҭоу аусҭҵаара шымҩаԥырго, ахара зду дшахьдырхәуа азы.Уажәы Аминистрра иҭахаз аԥҳәызба лани дареи аимадара рыбжьаҵара аҽазнашәоит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа цәыббра 28 асааҭ 20:00 инаркны украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 129 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Орловтәи, Смоленсктәи аобластқәеи, иара убас Ҟрыми, Амшын еиқәа инахыкни.
Ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" Жәлар ркоманда иацыхәмарраны иҟоуп жьҭаара 3 рзы, Москва. Амедиалига Ахраҿа 6-тәи атур ахәмарра мҩаԥгахоит Cosmos Arena аҿы асааҭ 11: 00 рзы, иааиуа асабшаҽны.5-тәи атур аихшьаалақәа рыла, "Аԥсны" атаблица аҩбатәи ацәаҳәахьы ихаланы, плеи-офф иақәшәеит.Vibe, Синдекат, СКА Ростов рыцыхәмарран "Аԥсны" аҩнтәи ахәмаррақәа хԥа иааирала ихнаркәшеит.
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы еиҧылеит мраҭашәаратәи-мрагыларатәи афронтқәа реибашьцәа Аҧсны арбџьармчқәа рырхәҭақәа Гәылрыҧшь араион Маҷара аӡиас аҟны ақырҭуа ир рхырҕәҕәарҭақәа ҧжәаны Бабышьра ақыҭан Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза ааныркылеит. Кәыдры аӡиас ахықәан еиҧылаз ҳаруаа, ақырҭқәа иҟарҵоз аҿагылара иаиааины ҳадгьылқәа рҭарцәра иаҿын. Уи аҽны Аҧсны аруаа рхы иақәиҭыртәит Очамчыра араион ақыҭақәа. Цәыббра 29 ахәылбыҽха ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәын Очамчыра араион зегьы. Нижни Новгородынтәи аделегациа Аҟәаҟа иааит.Аҳҭнықалақь ахадараҿы Аҟәеи Нижни Новгороди рхадацәа Ҭемыр Агрбеи Иури Шалабаеви еиԥылеит.Аҟәеи Нижни Новгороди амуниципалбжьаратә усеицура аҿиаразы амҩатә хсаала ҿыц рнапы аҵарҩит.Аусшәҟәы иарбоуп абарҭ ахырхарҭақәа: атуризм; аҵара; акультура;аспорт; акадртә политика; ауаажәларратә халахатәнапхгара.Амҩатә хсаала иҳәаақәнаҵоит анаҩстәи аусеицура ахырхарҭақәеи иалкаау аусмҩаԥгатәқәеи. Урҭ хәҭа-хәҭала инагӡахоит, иахьынӡаҭаху иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭалоит. Аԥсны атуризм аминистрра иахәҭаны иҟоу, афинанстәгьы уахь иналаҵаны иарбанызаалак ацхыраара рнаҭоит, ареспубликаҿы рыцҳарыла зыԥсҭазаара иалхыз Амина Бикбова лҭаацәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахада Асҭамыр Логәуа."Ҳара ҳзы, Аԥсны жәлар зегьы рзы ари трагедиа дуӡӡоуп. Ҳара уи ас ауп ишаҳаԥхьаӡо, лҭаацәа, лҭынхацәа, лгәакьацәа гәалсра дула ҳрыдышшылоит", ҳәа азгәеиҭеит иара.Иара агәрагара ааирԥшит азинхьчаратә усбарҭақәа ишахәҭоу аусҭҵаара шымҩаԥырго, ахара зду дшахьдырхәуа азы.Уажәы Аминистрра иҭахаз аԥҳәызба лани дареи аимадара рыбжьаҵара аҽазнашәоит. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа цәыббра 28 асааҭ 20:00 инаркны украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 129 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Курсктәи, Орловтәи, Смоленсктәи аобластқәеи, иара убас Ҟрыми, Амшын еиқәа инахыкни. Ашьапылампылтә клуб "Аԥсны" Жәлар ркоманда иацыхәмарраны иҟоуп жьҭаара 3 рзы, Москва. Амедиалига Ахраҿа 6-тәи атур ахәмарра мҩаԥгахоит Cosmos Arena аҿы асааҭ 11: 00 рзы, иааиуа асабшаҽны.5-тәи атур аихшьаалақәа рыла, "Аԥсны" атаблица аҩбатәи ацәаҳәахьы ихаланы, плеи-офф иақәшәеит.Vibe, Синдекат, СКА Ростов рыцыхәмарран "Аԥсны" аҩнтәи ахәмаррақәа хԥа иааирала ихнаркәшеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/1d/1066005971_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_30cc33106799241c8bf6ec0f948965d9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио