Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

© Sputnik / Саида Жиба Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
29 шықәса раԥхьа, жьҭаара 6, 1992 шықәса 6:40 минуҭи рзы Аҳәынҭқарра абираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу.
ГАГРА, жьҭаара 6-Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Жьҭаара 6 рзы иҵит 29 шықәса Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәуижьҭеи.
Ԥхынгәы 15, 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аналага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. 13 сааҭ рзеиԥш, дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.
Освобождение Гагрского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
"Амҩа ԥсҭазаара" ала: Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 29 шықәса ҵит
"Ақырҭцәа Аԥсны иақәларц шырҭахыз ацәалашәара ҳаман, аха абас иаразнак иҳажәлоит ҳәа ҳгәыӷуамызт. Цандрыԥшь адесант анӡхыҵуаз, акатерқәа иҳамаз ашәақьқәа рыла ҳреихсуа ҳалагеит. Сара спатронқәа анынҵәа, Џьырхәаҟа сцеит уа иҵәахны исымаз аазгарц азы, аха саанӡа ҳаибашьцәа Ԥсахараҟа ихьаҵхьан. Ҳганахь ала уи аҽны аԥсҭбарақәа ҳауит, аӷацәа рганахь алагьы иӡхыҵаанӡа иҭаҳархаз ҟалеит", - игәалашәоит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Лиутик Ажьиба.
Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Жьҭаара 2, 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы аоперациа иалагеит. Жьҭаара 6, ашьыжь 6 сааҭки 40 минуҭи рзеиԥш, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәаа иахашәыршәыруан.
Ари раԥхьатәи иааирахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра цонаҵы, раԥхьатәи гәыӷрахеит ҳажәлар рзы, раԥхьатәи ԥышәарахеит аԥсуа хацәа рзы.
© Sputnik / Саида Жиба Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
День освобождение Гагрского района  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра азгәарҭеит
Гагра араион ахақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра аҽны, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, иҭахаз аҵеицәа рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәара, Гагра араион анапхгара, Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа, Нхыҵ-Кавказтәи аделегациақәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи, рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи, ақалақь иаҭааз асасцәеи.
"Иахьатәи амш Аԥсны жәлар зегьы ирыдысныҳәалоит. Уаҳа рлакҭа аибашьра амбааит. Аҭаацәа ргәы ҭынчны аибааӡара роуа, ҩнаҭацԥхьаӡа аҿиара ҟало анцәа иҳәааит. Иҭахаз рынарцә бзиахааит, рыԥсы сакәахшоуп", - иҳәеит аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Аслан Камлиа.
Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0