https://sputnik-abkhazia.info/20260911/1065552358.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи "Синергиа" ахада ихаҭыԥуаҩ Даниил Арефиеви иареи аҵареи акадрқәа разыҟаҵареи русхк аҟны аусеицура атәы иалацәажәеит. Арефиев... 11.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-11T13:01+0300
2026-09-11T13:01+0300
2026-09-11T14:51+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/0b/1065552192_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c80596b2f34957bd6c6c7f42cf5d74d4.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи "Синергиа" ахада ихаҭыԥуаҩ Даниил Арефиеви иареи аҵареи акадрқәа разыҟаҵареи русхк аҟны аусеицура атәы иалацәажәеит. Арефиев жәларбжьаратәи аусеицура хылаԥшра аиҭоит ҳәа азгәарҭеит атәыла ахада ипресс-маҵзураҿы. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны зегь раԥхьа иргыланы акорпорациа атәыла аҩнуҵҟа атехникатә специалистцәеи анџьнырцәеи рҵараҿы иамоу алшарақәа ишрызҿлымҳауп. Уи адагьы, аиԥылараҿы ирзааҭгылеит "жәлар рдипломатиа" аҿиаразы Африкеи аҳәаанырцә хара атәылақәеи рҿы "Синергиа" имҩаԥнаго арҵаратә проектқәа.
Владимир Путин Индиа хымш ҳәа даҭааит. Аҳаирбаӷәазаҿы ахада диԥылон Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Кирти Вардан Сингх. Аҳаирплан ахаларҭа аҿаԥхьа игылан аҳаҭыртә ҟарул. Цәыббра 11-13 рзы Путин Индиа аԥыза-министр Нарендра Модии иареи еиԥылараны иҟоуп, Ниу-Дели имҩаԥысуа БРИКС асаммит аусмҩаԥгатәқәа дрылахәхоит, аусутә форум аҿы дықәгылоит. Уи адагьы, егьырҭ атәылақәа рхадацәеи иареи ҩ-ганктәи реиԥыларақәа акымкәа-ҩбамкәа иазгәаҭоуп, БРИКС+ аформат ала инарҭбаау аиԥыларақәа дрылахәхоит.
Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымш аҽны Аԥсны иаартхо алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 35 рҟынтәи 50 рҟынӡа иацҵоуп. Абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит Алхратә комиссиа хада. Уи иадгылеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. Адипломатиатә хаҭарнакра ахәшьарақәа рыла, иахьатәи аамҭазы Аԥсны рыԥсы ршьоит 100 нызқьҩык рҟынӡа урыстәылауаа. Урҭ рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп, раԥхьа иргыланы аҭыԥқәа рахь анеира аманшәалара акраҵанакуеит ҳәа азгәеиҭеит Гладков.
Аԥсуа чаи раԥхьаӡакәны иӡырыргеит Урыстәылазегьтәи аҿар рҵаратә форум "Ростов" аҟны. Сынтәа афорум еизнагеит жәаҩыла атәылақәа рхаҭарнакцәа. Атема хадақәа иреиуоуп ақыҭанхамҩа аҿиара, агронаплакра, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, ақыҭа ҵакырақәа рыҿиара ҳәа адырра ҟалҵеит аилахәыра "ЕКОчаи" ахаҭарнак Иулиа Диоскуриа. Ҭоумышь аҳаблаҿ аплантациақәа ррыцқьареи урҭ реиҭашьақәыргылареи иалагеит 2019 шықәсазы. Уажәы уа иҭрыжьуеит 11 хкы рҟынӡа ачаи, габуи пуери ҳәа изышьҭоу ахкқәа уахь иналаҵаны.
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи "Синергиа" ахада ихаҭыԥуаҩ Даниил Арефиеви иареи аҵареи акадрқәа разыҟаҵареи русхк аҟны аусеицура атәы иалацәажәеит. Арефиев жәларбжьаратәи аусеицура хылаԥшра аиҭоит ҳәа азгәарҭеит атәыла ахада ипресс-маҵзураҿы. Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аԥсны зегь раԥхьа иргыланы акорпорациа атәыла аҩнуҵҟа атехникатә специалистцәеи анџьнырцәеи рҵараҿы иамоу алшарақәа ишрызҿлымҳауп. Уи адагьы, аиԥылараҿы ирзааҭгылеит "жәлар рдипломатиа" аҿиаразы Африкеи аҳәаанырцә хара атәылақәеи рҿы "Синергиа" имҩаԥнаго арҵаратә проектқәа. Владимир Путин Индиа хымш ҳәа даҭааит. Аҳаирбаӷәазаҿы ахада диԥылон Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Кирти Вардан Сингх. Аҳаирплан ахаларҭа аҿаԥхьа игылан аҳаҭыртә ҟарул. Цәыббра 11-13 рзы Путин Индиа аԥыза-министр Нарендра Модии иареи еиԥылараны иҟоуп, Ниу-Дели имҩаԥысуа БРИКС асаммит аусмҩаԥгатәқәа дрылахәхоит, аусутә форум аҿы дықәгылоит. Уи адагьы, егьырҭ атәылақәа рхадацәеи иареи ҩ-ганктәи реиԥыларақәа акымкәа-ҩбамкәа иазгәаҭоуп, БРИКС+ аформат ала инарҭбаау аиԥыларақәа дрылахәхоит. Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рымш аҽны Аԥсны иаартхо алхырҭатә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара 35 рҟынтәи 50 рҟынӡа иацҵоуп. Абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит Алхратә комиссиа хада. Уи иадгылеит Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. Адипломатиатә хаҭарнакра ахәшьарақәа рыла, иахьатәи аамҭазы Аԥсны рыԥсы ршьоит 100 нызқьҩык рҟынӡа урыстәылауаа. Урҭ рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп, раԥхьа иргыланы аҭыԥқәа рахь анеира аманшәалара акраҵанакуеит ҳәа азгәеиҭеит Гладков. Аԥсуа чаи раԥхьаӡакәны иӡырыргеит Урыстәылазегьтәи аҿар рҵаратә форум "Ростов" аҟны. Сынтәа афорум еизнагеит жәаҩыла атәылақәа рхаҭарнакцәа. Атема хадақәа иреиуоуп ақыҭанхамҩа аҿиара, агронаплакра, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа, ақыҭа ҵакырақәа рыҿиара ҳәа адырра ҟалҵеит аилахәыра "ЕКОчаи" ахаҭарнак Иулиа Диоскуриа. Ҭоумышь аҳаблаҿ аплантациақәа ррыцқьареи урҭ реиҭашьақәыргылареи иалагеит 2019 шықәсазы. Уажәы уа иҭрыжьуеит 11 хкы рҟынӡа ачаи, габуи пуери ҳәа изышьҭоу ахкқәа уахь иналаҵаны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/0b/1065552192_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_174018fddabf207b03c0ad25cc46f89d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио