Идырым џьоукы асоциалтә ҳақәа рыла иаладырҵәеит Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз ахҭыс аҟынтә авидео

© screenshot / социальные сети Драка на набережной
Драка на набережной  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Анапаҵаҩра
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха и аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара.
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Идырым џьоукы асоциалтә ҳақәа рыла иаладырҵәеит амшын аԥшаҳәаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи аибашьра аветеранцәеи рыбжьара иҟалаз ахҭыс аҟынтә авидеобара акамерақәа рҟынтәи акадрқәа.
Ара еиҳа иааигәаны иубарҭоуп аисра иалахәыз ауаа рхы-рҿқәа уаанӡа ицәыргақәаз раасҭа, аха ус шакәугьы аӡәы еилкаара уадаҩуп.
Аиааира амш, цәыббра 30 ауха аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара. Аветеранцәа аҳәамҭа ҟарҵеит амилициа аусзуҩцәа ҳганахь ала рнапы шьҭырхит ҳәа.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба иҟаз ахҭыс макьаназы азинтә хәшьара ҳзаҭом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент аусутә еилацәажәараҟны.
Агрба иажәақәа рыла азакәанԥҵара инақәыршәаны Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара ҟанаҵарц азы ишьақәыргылоуп аҿҳәарақәа – 5, 15, 60 мшы.
Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит хымшуп аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара иалагеижьҭеи, макьаназы ахҭыс иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿахәы рҿыхам ҳәа.
Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩныҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа. Ари аамҭа иалагӡамхар аҿҳәара иацҵатәхоит ҳәа иҳәоит Агрба.
Жьҭаара 3 азы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Аимак ауаажәлар рацәа алагалахеит. Жьҭаара 4 азы Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит, Дбар имаҵура дамхзарц адҵа ҟаҵо.
Уаанӡа Аԥсны аполитикатә партиақәак аҳәамҭа ҟарҵахьан ахҭыс аполитикатә цәа ахарымҵарц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0