https://sputnik-abkhazia.info/20211007/Bzhania-Atylaa-rkonferentsia-alakhylatsa-drydnyaleit-1033369903.html
Бжьаниа Атәылақәа рконференциа алахәылацәа дрыдныҳәалеит
Бжьаниа Атәылақәа рконференциа алахәылацәа дрыдныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны инхо аурыс уаԥшьқәа зеижә рҽеидыркылеит Аԥсны инхо аицџьынџьуаа Ркоординациатә еидгыла ҳәа. Есышықәса дара русура аихшьаалақәа ҟарҵоит, раԥхьаҟатәи... 07.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-07T16:36+0300
2021-10-07T16:36+0300
2021-10-07T16:53+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101324/05/1013240516_0:0:3241:1824_1920x0_80_0_0_df74a252d204541072a388398046aa24.jpg
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашәҟәы рзынаишьҭит II Атәылақәа рконференциа алахәылацәа, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Ауснагӡатә аҿы Бжьаниа инашьҭымҭа даԥхьеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба."Ҳаҭыр зқәу II Атәылақәа рконференциа алахәылацәа! Абзиара шәымаз ҳәа шәасҳәоит Аԥсны инхо аурыс аицџьынџьуаа 19 еиҿкаара еидызкыло Акоординациатә еидгыла есышықәсатәи аусура аихшьаалатә еилатәараҿы", - ҳәа аҳәоит анашьҭымҭаҿы.Бжьаниа ҭабуп ҳәа реиҳәоит аконференциа алахәылацәа имҩаԥырго русуразы.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны амультикультурализм иуникалу аилазаара шаԥнаҵаз. Бжьаниа еиқәиԥхьаӡеит Аԥсны зырҿиамҭақәа ирныԥшыз аурыс классикцәа: Чехов, Паустовски, Горьки, Искандер, Евтушенко, Симонов, Казакова, Толстои."20-тәи ашәышықәсақәа раахыс урыстәылатәи аинтеллигенциеи абизнеси рхаҭарнакцәа ҳтәыла аҿиаразы алагала ду ҟарҵеит. Усҟантәи аамҭазы иаԥҵаз архитектуратә баҟақәа иахьагьы Аԥсны ақалақьқәа дырԥшӡоит. Ҳара иаҳуалны иҟоу акультуратә беиара мырӡкәа аихаҳароуп" ҳәа иҳәеит Бжьаниа.Ахыркәшаратә ажәаҿы Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҿы Владимир Путин илагала ду.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101324/05/1013240516_0:0:3241:2431_1920x0_80_0_0_a1dff59bbd53fb1b7f165fe19dbdd387.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Бжьаниа Атәылақәа рконференциа алахәылацәа дрыдныҳәалеит
16:36 07.10.2021 (ирҿыцуп: 16:53 07.10.2021) Аԥсны инхо аурыс уаԥшьқәа зеижә рҽеидыркылеит Аԥсны инхо аицџьынџьуаа Ркоординациатә еидгыла ҳәа. Есышықәса дара русура аихшьаалақәа ҟарҵоит, раԥхьаҟатәи рыпланқәа шьақәдыргылоит.
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ашәҟәы рзынаишьҭит II Атәылақәа рконференциа алахәылацәа, ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ауснагӡатә аҿы Бжьаниа инашьҭымҭа даԥхьеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
"Ҳаҭыр зқәу II Атәылақәа рконференциа алахәылацәа! Абзиара шәымаз ҳәа шәасҳәоит Аԥсны инхо аурыс аицџьынџьуаа 19 еиҿкаара еидызкыло Акоординациатә еидгыла есышықәсатәи аусура аихшьаалатә еилатәараҿы", - ҳәа аҳәоит анашьҭымҭаҿы.
Бжьаниа ҭабуп ҳәа реиҳәоит аконференциа алахәылацәа имҩаԥырго русуразы.
"Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь ҳауаажәларратә еилазаара иузаҟәымыҭхо хәҭаны иҟоуп. Ҳара иаҳусу атәыла еиуеиԥшым аетникатә гәыԥқәа еимабзиарала реицыҟазаара аԥҵароуп",- ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны амультикультурализм иуникалу аилазаара шаԥнаҵаз. Бжьаниа еиқәиԥхьаӡеит Аԥсны зырҿиамҭақәа ирныԥшыз аурыс классикцәа: Чехов, Паустовски, Горьки, Искандер, Евтушенко, Симонов, Казакова, Толстои.
"20-тәи ашәышықәсақәа раахыс урыстәылатәи аинтеллигенциеи абизнеси рхаҭарнакцәа ҳтәыла аҿиаразы алагала ду ҟарҵеит. Усҟантәи аамҭазы иаԥҵаз архитектуратә баҟақәа иахьагьы Аԥсны ақалақьқәа дырԥшӡоит. Ҳара иаҳуалны иҟоу акультуратә беиара мырӡкәа аихаҳароуп" ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Бжьаниа иҳәеит атәыла анапхгара хықәкыс ишрымоу Аԥсны инхо аетносқәа зегьы напеикәыршала рыҟазаара аԥҵареи арӷәӷәареи, Аԥсны инхо дарбан милаҭзаалак Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩыс дахьыҟоу агәадура инаҭо дҟаларц.
Ахыркәшаратә ажәаҿы Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҿы Владимир Путин илагала ду.