Кремль еиқәырыԥхьаӡеит Европа агаз ахә изацлаз

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтроительство газопровода "Северный поток-2" в Германии
Строительство газопровода Северный поток-2 в Германии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2021
Анапаҵаҩра
Европа агаз азы арекордтә афиучерстә хәыԥсақәа 1937 доллар аҟынӡа ихалеит зықь кәыбаметра рзы, аха анаҩс икаҳаит 1325 доллар рҟынӡа.
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Европа агаз ахә ахалара еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьеит, амчхаралшарақәа рхархәара ҳаракгьы абрахь иналаҵаны аҳауатә ԥсахрақәеи, иҭәым агазеизакырҭақәеи уҳәа, иҳәеит  Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Акризис зыхҟьаз еиуеиԥшым амзызқәа аамҭак еицақәшәеит ҳәа ишьоит иара.
Сотрудник проверяет оборудование на газохранилище под Львовом - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2021
Европа агаз ахә 1600 доллар еиҳахеит
"Арахь иаҵанакуеит аекономика аиҭашьақәгылара, ус анакәха амчхаралшарақәа еиҳа рхархәара, адгьыл иҵоу агазеизакырҭақәа ахьҭәым, уи адагьы Европа аҳауатә ҽыԥсахрақәа, аԥшарҿиара ахьмаҷу", - иҳәеит Песков.
Иара иажәақәа рыла  иҟоуп егьырҭ амзызқәагьы аамҭак ала абарҭ ирыцлаз.
"Агаз еиҳа имаҷны аџьармыкьахь инеиуеит. Аха уи Урыстәыла акәым изхароу, ззанааҭ иазҟазам , иҟоу ззеилымкаауа ауаа ус аҳәара рылшоит", - иҳәеит иара.
Иара убасгьы иациҵеит аенергетикатә зҵаарақәа рҿы акомплекстә знеишьа шаҭаху.
Владимир Путин уаанӡа иҳәахьан изызхәыцым аӡбрақәа рыхҟьаԥҟьақәа Европа аенергоџьармыкьа ишаныԥшыз.
Уи ашьҭахь Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лиаеен аҳәамҭа ҟалҵеит ЕЕ азы акыршаҵанакуа  аенергетикахь аинвистициақәа рынашьҭра.
Ажәабжьқәа зегьы
0