"Амҵәыжәҩа змоу ацхырааҩцәа": ашьхеи ашьхааӡареи ирызку азгәаҭарақәа

© Sputnik / Vitaly Ankov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПчеловод Сергей Пальчук обкуривает рамку с сотами при помощи дымаря на пасеке в окрестностях села Раковка в Приморском крае
Пчеловод Сергей Пальчук обкуривает рамку с сотами при помощи дымаря на пасеке в окрестностях села Раковка в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.10.2021
Анапаҵаҩра
Ашьхеи ашьхааӡареи рзы азгәаҭарақәа азкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа иахьатәи ланҵамҭа.
Аԥсуаа рыбзазараҿы, рынхамҩаҿы ашьхымзааӡара акыр аҵанакуан. Ашьхыцқәа ирырҭоз ацха ахархәара ҭбаа аман. Зегь раԥхьа инаргылан ацха цқьа ауаҩы игәабзиара арӷәӷәоит, ишықәс нҵыра иацнаҵоит, акыр ачымазарақәа ирыхәшәуп. Ацха андырҭәалак иалҵуаз ацәа цхыраагӡа дуун, ацәа цәашьқәа алырхуан, аҳаԥшьақәа, аԥҳалқәа, аҟәџьалқәа реиԥш иҟаз аҩны маҭәахәқәа анҷалак иаларшьыхуан.
Агеограф нага С. Браневскии 1823 шықәсазы аԥсуа цха ахаҭабзиара зеиԥшроу иахҳәааны абас иҩуан: "Мыцхәы иналкааны азгәаҭара иаԥсаны иҟоуп аԥсуа цха. Аҩнуҵҟа еиԥш адәныҟагьы уи аԥштәы хыблааушәа, ацәеи ацхеи кристаллтәны, агьама уаҩы игәы иахәаратәы иҟоуп, афҩы лаҳа-лаҳауеит. Абжьааԥнытәи ацха иамоу аҷабра, уи иазҷыдаҟазшьам. Аԥсны жәлар рааглыхраҿы ибеиаӡаны иаадрыхқәо ируакыуп ацхеи ацәеи".
Аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2019
"Анана-Гәында лыцхеиԥш инҵәаӡом!": аԥсуа шьхыцқәа рныҳәара
Ашьхыцқәа рыбзоурала ацхеи ацәеи риура адагьы, аҵәа, аҳа, аца, абҳәа, атама уҳәа жәпакы ашәырҵлақәа ашьхақәа рыла мацароуп рырбыбкра (опыление) злалыршахо. Ашьхыцқәа хырҳага ду рыланы иахьыҟоу азы "амҵәыжәҩа змоу анхаҩцәеи абаҳчааӡаҩцәеи рыцҳырааҩцәа" ҳәа ирышьҭоуп.
Ашьхымза, ацха ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа рыла афольклор беиоуп, иаагозар: "Ашьха змыцҳац ацха зыԥсо издыруам", "Ашьхымзагьы зны ацха агхоит", "Ашьхыҵә ахьыҟоу ацхагьы ыҟоуп", "Ацха зшогьы инацәкьыс алишьуеит", "Ацха абз азырхаауам", "Ацха уԥшырц уҭахызар, ашьхымза аарҳәны икоумыжьын", "Ацха хаауп, аха зегьы ирфом", "Ашьхыц зқәымтәо шәҭыц ыҟам".
Аҵарауаҩ Чурсин Аҭара ақыҭан ианиҵахьан ашьхыцқәа адунеи ишықәнагаз атәы зҳәо алегенда. Уи излаҳәо ала, Анцәа ауаҩи ашьхыци аниша ашьҭахь, ашьхыц Анцәа иҳәеит ауаҩы ианицҳалак, дахыԥсааларц, ашьхымзаҭра иҭоу ацха зегьы иара иахәхазарц. Аха Анцәа даҽакала иӡбеит: ашьхымзаҭра иҭоу ацха зегьы ашьхыц иазыфом, убри аҟнытә, уи иҟанаҵо ауаҩгьы ихы иаирхәалааит (ифалааит), ауаҩы ашьхыц аницҳалак, иара ахаҭа ахыԥсаалааит ҳәа.
Аԥсуаҵасла абнаҿ аҵла гәаҩа ашьха шҭоу раԥхьа игәазҭаз, аҵла ашьапы цәиҟьон, ма ашьха ахьҭаз аҵлаҿ аҵәаҳә кнеиҳауан, уи нахыс ашьха ахьҭаз аҵла аӡәгьы дакьысуамызт.
Сбор меда в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2018
Акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭра цхала иҭәааит: Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа
Ашьхааӡара знапы алазкырц зҭахыз изы ажәытәуаа ус рҳәон: шьхымзак ӡаны иаага, шьхымзак уаҳәан иаага, шьхымзак уԥарала иаахә – нас ушьхымза, ушьхагәара ӷьацоит.
Ашьха ангыло, ианеиҿыҵуа амзақәа ҳәа иԥхьаӡан лаҵарамзеи рашәарамзеи. Ашьхымза ааӡараҿы аимак-аиҿак, агәамҵрақәа ацзар зынӡа иаабуам, малҵас ршара уалагар, ашьхыцқәа ԥсуеит ҳәа иԥхьаӡан. Амала ашьха ԥсит ҳәа убз иаурҳәар ҵасмызт, "ашьха кьаҭахт" рҳәон.
Ашьхымзаҭра ацха анҭуго, иануԥшуа заҟа уцқьаны унеиуа аҟара, иусӡом, шкәакәа маҭәала уҽеилауҳәароуп, арыжәтә умжәыроуп. Ижәны уҟазар – ицҳауеит.
Ашьхыцқәа ирыхҳәаау ажәлар разгәаҭарақәа маҷуп ҳәа узыҳәом. Ҿырԥштәыс иааҳгозар:
  • Ашьха ашьыжь заа аусура иалагар, рыҭра ибзианы иҭыҵуазар, амш бзиахоит, ақәа леиӡом.
  • Амш шыбзиоу ашьхақәа рҭыԥахь ахынҳәра иалагазар, хара имгакәа амш аҽеиҭанакуеит, ақәа алеира иалагоит.
  • Ҭагалан ашьхыцқәа рышьхымзаҭрақәа рҭыҵырҭа зынӡа ирымшәаҳазар, аӡынра уамак ихьҭахом.
  • Аарҩара аныҟалаша, ашьхақәа рҽеизганы рышьхымза аҭаларҭа иаҿатәоит.
  • Аарҩара аныҟалаша, ашьхақәа рлеишәа дырцәгьоит, ицҳауеит.
  • Ашьхыцқәа рҭыԥ иҭымҵуазар, аԥырра ргәамԥхозар, хара имгакәа амш цәгьахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0