Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны амшцәгьақәа ажь аҽаҩра ԥырхагас ирнаҭаз атәы

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны амшцәгьақәа ажь аҽаҩра ԥырхагас ирнаҭаз атәы
Анапаҵаҩра
"Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" реилахәыра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу, уи ԥырхага азҭо мзызсқәас иҟоу.
"Амшцәгьақәа даара иаҳзеицәахеит, 20-25% аҽаҩра аԥхасҭа аҭоуп, сынтәа иаҳҭаауа маҷхоит, ахаҭабзхиарагьы, ҳәарада, ианыԥшуеит. Ҳагрономцәа ирхәшәтәуеит, иаҳалшо зегь ҟаҳҵоит аԥхаста еиҵахартә еиԥш. Ажь зеиԥшразаалакгьы иахҭаауеит, анаҩс азауад аҟны ианааҳгалак еилаҳхуеит, иреиӷьу аҩ бзиа ахь иҳашьҭуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Анаплакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, ҵыԥх қьырала 900 гектарк адгьыл ҿыц ишгаз. Кындыӷ, Ӷәада ажь ааӡаразы адгьыл армазеира иаҿуп.
"Ари зегьы ацәаӷәара аҭахуп, иазыҟаҵатәуп, 300 гектарк аиҭаҳатә ҟаҳҵахьеит. Ԥшьышықәса рышьҭахь аҽаҩра аарышьҭыртә иҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0