Бжьаниа Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДень Победы отметили в Абхазии
День Победы отметили в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵан аибашьра аилашыкьымҭазы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны иалыршахеит иҳақәлаз аӷа иҿагылоз арбџьармчқәа раԥҵара.
АҞӘА, жьҭаара 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
"Ҳаҭыр зқәу афицарцәа! Аԥсны Арбџьармчқәа рымш шәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчара зыԥсҭазаараҿ ихадоу усны изшьаз зегьы. Ҳар рдоуҳатә мчи рпатриоттә уалԥшьеи шьаҭаны ирымоуп зқьышықәсалатәи Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчоз рытрадициақәа", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
1992 шықәса жьҭаара 11 аҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аусдҵа инапы аҵеиҩит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы. Абри инаркны ари арыцхә Аԥсуа ар ашьаҭаркра иамшны иԥхьаӡоуп.
Принятие присяги новобранцами абхазской армии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.10.2020
Аҳәынҭқарреи амилаҭи еиқәзырхо, изыхьчо: Аԥсны Арбџьармчқәа шаԥҵаз
Бжьаниа иазгәеиҭеит ҳарбџьармчқәа шанысыз иуадаҩу амҩа рымч-рылша аарԥшразы.
"Аамҭа кьаҿк иалагӡаны атәыла аҽеиднакылеит. Иахьазы ҳар рҟны аԥыжәара аманы иҟоуп Аԥсны аҵакыра ахьчареи атәылауаа ршәарҭадара аиҿкаареи руыс",- ҳәа азгәеиҭоит Акомандаҟаҵаҩ хада.
Бжьаниа Аԥсны Арратә мчрақәа ирыҵаркуа зегьы ирзеиӷьеишьеит рнапы злаку аус аҿы рзанааҭтә ҩаӡара аҳаракыра, зхы-зыԥсы иамеигӡо патриотцәаны аҟазаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0