Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Маланиаԥҳаи Ахбеи аԥхынтәи атуристә сезон алҵшәақәа ирызкны

Хра злоу ахҭысқәа: Маланиаԥҳаи Ахбеи аԥхынтәи атуристә сезон алҵшәақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Атуристтә еилахәыра "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳаи Аԥсны асасааирҭақәа рхеилак аиҳабы Асҭамыр Ахбеи арадио Sputnik аефир аҿы аԥхынтәи атуристә сезон аихшьаалақәа ҟарҵеит.
"Иҟоуп асасаирҭақәа ибзиан аус зуз, ҳәарада, аха иҟоуп зыҩаӡара кәадоу, дара сынтәа русура егьырҭ ашықәсқәа иреԥшны имҩасит. Ҿыц иргылаз асасирҭақәа ҳаман, иҳәатәуп, ишыҟоу атуристә бизнес ҿыц знапы алазкыр зҭаху иахьагьы, аџьармыкьаҿы ицәырҵырц зҭаху. Иҳаҩсыз аԥхын азы аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷӡамызт", - ҳәа азгәеиҭеит Ахба.
Атуристтә еилахәыра "Аԥсуа-тур" аиҳабы лажәақәа рыла асезон заа аҽазыҟаҵара иалагеит, уи ирнаҭеит алҵшәа бзиа. Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара аизҳара ирнаҭаз ауадаҩрақәа ртәы, анаҩс урҭ ҳасаб рзуны ишырыӡбоз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0