Аслан Бжьаниеи Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи еиԥылеит

© Foto / пресс-служба Президента РААслан Бжания провел переговоры с министром обороны России Сергеем Шойгу
Аслан Бжания провел переговоры с министром обороны России Сергеем Шойгу - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада усутә визитла Москва дыҟоуп жьҭаарамза 8 раахыс.
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Газопровод высокого давления от Елабуги до Нижнекамска - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Бжьаниа Москва "Газпром промгази" "Газпроми" рхаҭарнакцәа дырԥылеит
Аиԥылараҿы ирылацәажәан атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны аусеицура азҵаарақәа, Аԥсны ар рмодернизациаз аныхрақәагьы абрахь иналаҵаны.
"Атәылақәа рыҩба рырратә мчрақәа реизыҟазаашьа адокументқәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Аԥсны арбџьар мчқәа иахьатәи аамҭа иақәшәо еиҿкаазарц. Ҳара ԥхьаҟагьы азхьаԥшра аҳҭалоит абыжьбатәи арратә база аусура. Ҳтәылақәа рырратә усеицура азҵаарақәа оперативла иӡбалатәуп", - иҳәеит Сергеи Шоигу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аминистри иареи реиԥылара. Иара иазгәеиҭеит Сергеи Шоигу ихьӡ Аԥсны ишеицырдыруа.
"Аԥсны ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит апандемиаамҭазы ҩынтә ҳреспубликаҿ арратә госпиталь. Аартра шәахьацхрааз. Шәара шәыда уи залыршахомызт", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Бжьаниа Москва аҳауатә еимадара азҵаара далацәажәеит
Аслан Бжьаниа Москваҟа раԥхьа жьҭаара 2 рзы дцеит, аха цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс азы дхынҳәны даар акәхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0