Аԥсны АҶА аиҳабы "Гарант-банк" ахыбра аҿаԥхьа днеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Лев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Анапаҵаҩра
Зыхьӡ зымҳәаз аӡәы Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра артҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит жьҭаара 13 азы.
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа "Гарант-банк" ахыбра аҿаԥхьа днеит.
"Гарант-банк" ахь инеит Аԥсны ААР аҵаратә Центр акинологцәа. Урҭ ахыбра аҩныҵҟа иҩналоит.
Зыхьӡ зымҳәаз ауаҩы Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа аҭел дасит жьҭаара 13 азы.
Sputnik акорреспондент ишеиликааз ала АҶА аусзуҩцәа ргәыԥ абанк ахыбрахь иҩналараны иҟоуп, амина аҵоуп ҳәа иҟаҵаз аинформациа ашьақәырӷәӷәаразы.
Аҟәа, "Гарант-банк" ахыбра иакәшаны игылоуп азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, АҶА амцарцәаратә машьынеи Ацхыраара ласы амашьынеи уахь инеины иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Гарант-банк" аусзуҩцәеи ахыбраҿ инхо ауааԥсыреи рҭыԥқәа ирхыгоуп
АҶА: Аҟәа абанк артҟәацга аҵоуп ҳәа аӡәы адырра ҟаиҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0