Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Зурабишвили лҳәамҭа аҭак ҟанаҵеит

© SputnikФлаги Абхазии
Флаги Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Австриа лыҟазаараан аҳәамҭа ҟалҵеит 2008 шықәса раахыс Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшыҩцәа рмиссиа (МНЕС) Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакыраҿы ишырҭаху иҟазар ахәҭоуп ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. МНЕС Аԥсныҟа анашьҭра иашоуп ҳәа ирҳәарц азы ҵаҵӷәык иадамзаргьы ирыԥшаарц, Қырҭтәыла анапхгара амцҳәара иалагеит. Ари аҩыза аҳәамҭа ԥаршеи шҵакыдоу дарбанзаалак изы еилкаауп. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы азин иқәныҟәоит, аус руеит аҳәынҭқарратә мчрақәа ринститутқәа ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абри аҭакс.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили официалтә визитла Австриа лыҟазаараан аҳәамҭа ҟалҵеит 2008 шықәса раахыс Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшыҩцәа рмиссиа (МНЕС) Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҵакыраҿы ишырҭаху иҟазар ахәҭоуп ҳәа.
Совместные тактические учения Турции и Азербайджана - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла имҩаԥысыз аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рнаҭеит
Австриа Афедералтә хада даниԥылоз, ари ихыҭҳәаау апроблема – МНЕС Аԥсныҟа анашьҭра далацәажәо Қырҭтәыла ахада даҽазныкгьы илҭаххазар акәхап "аоккупациа зызуу аҵакырақәа" рыӡбахә адунеитә уаажәларра ргәаларшәара ҳәа рҳәеит аԥсуа дипломатцәа.
Убри аан Қырҭтәыла анапхгареи Амиссиа анапхгареи ибзианы еилыркаауеит 2008 шықәсазы Урыстәылеи Франциеи рхадацәа реицәажәарала МНЕС амандат иазԥхьагәанаҭо Аԥсны иаԥну азонаҿ аҟазаара шакәу, ареспублика аҵакыраҿ аҟазаара акәымкәа.
"Агәра аагоит Австриа ахаҭарнакцәа, Амиссиа аусзуҩцәа абри бзианы ишырдыруа. Абас ала ареспубликаҿ иаҭахны иҟам аескалациахыхра. Мраҭашәаратәи рпартниорцәа амц изжьо Қарҭ аиҳабыра румҭақәа рыла иубарҭоуп атәылақәа рыбжьара ацивилизациатә ҟазшьа змоу адиалог амҩаԥгара ргәы ишҭам", - ҳәа рҳәоит аԥсуа дипломатцәа.
Аконструктив ҟазшьа амам қарҭаа европатәи рпартниорцәа рхымҩаԥгашьагьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала апрагматизм шьаҭас измоу, аполитикатә реалиқәа еилкаауа ииашоу акурс мҩаԥыргалап ҳәа игәыӷуеит аԥсуа ган.
Ажәабжьқәа зегьы
0