Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла имҩаԥысыз аҽазыҟаҵарақәа ахҳәаа рнаҭеит

© Foto / Министерство обороны Азербайджана / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСовместные тактические учения Турции и Азербайджана
Совместные тактические учения Турции и Азербайджана - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2021
Анапаҵаҩра
Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рыруаа алархәны Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Enternity-2021 Қырҭтәыла рымҩаԥгара иалагеит жьҭаара 4 рзы. Имҩаԥыслоит жьҭаара 8 рҟынӡа.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Қырҭтәыла арратә амбициақәа агәацԥыҳәара рызҭо ракәны иршьеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аҽазыҟаҵарақәа Enternity-2021. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа адыррала, аҽазыҟаҵарақәа раан Қырҭтәыла, Ҭырқәтәыла, Азербаиџьан рыруаа арегионалтә економикатә проектқәа реиҿкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
"Қырҭтәыла амчрақәа рыдгьылҵакыраҿы "аӷа" иҿагылара азгәазҭо арратә полигон аԥҵара рҭахушәа убоит. Убри аан ЕААи НАТОи рырратә мчреи рстратегиеи азымхошәа, Қарҭ аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Анкареи Бақәеи ирныруеит арра аганахь ала", - ҳәа аҳәоит Аԥсны ААР асаит.
Аԥсуа дипломатцәа агәрагара рымам зыӡбахә рҳәо арратә ҽазыҟаҵарақәа хықәкыс иахьынӡарымоу. Убри аан иазгәарҭоит ақырҭуа ган аамҭақәак раан рырратә ҽазыҟаҵара аихамҩа ахьчара ахьыӡҵаны ишымҩаԥыргаз. Уажәы иара уи аҩыза арегионалтә економикатә проектқәа рыхьчара ахьӡырҵар ауеит.
Аԥсны ААР аҳәамҭаҿы иаҳәоит Аԥсны зхьаԥшрада ишнырмыжьуа Қырҭтәыла амилитаризациа аҿиара апроцесс, иахәҭаны иҟалар, рыдгьыл ахьчарази рыуаажәлар рыхьчарази иахәҭоу ашьаҿақәа шыҟарҵо.
Ажәабжьқәа зегьы
0