Атәылахьчара аминистрра аҳасабеилыргаҩ лганахьала адырра маӡақәа рырзаразы ашьаус хацыркуп

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2021
Анапаҵаҩра
Аусбарҭа аҳасабеилыргаҩ лганахьала агәызҩара ыҟоуп имаӡаз аҳәынҭқарратә дыррақәа алалырҵәеит ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Ашьаусҭҵаара хацыркуп Атәылахьчара аминистрра аҳасабеилыргаҩ-аказначеи лганахьала аҳәынҭқарратә маӡаратә ҟазшьа змаз адыррақәа рыларҵәаразы. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аусҭҵаара аверсиала аҳасабеилыргаҩ идырны, "Аҳәынҭқарратә маӡазы" азакәан еилаганы, имаӡази, зынӡа амаӡара зқәызи адокументқәа рганахьала лусураҿы ахархәара алҭеит Атәылахьчара аминистрра амаӡа ҟәшаҿы аҭаҩра змамыз афлеш–карта.
Абри ашьҭахь, лмаҵзуратә ҭакԥхықәра дазхьамԥшыкәа, азакәан иахьчо амаӡатә дырра аларҵәара ақәиҭымтәра еилаганы ари афлеш-карта Атәылахьчара аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара усбарҭа амедицинатә пункт аиҳабы илылҭеит.
Амедицинатә пункт аиҳабы азин лымамызт афлеш-картаҿ иҭаҩыз имаӡоуи зынӡа имаӡоуи адыррақәа роура.
Убри аан лара ҩымчыбжь инареиҳаны афлеш-карта лхы иалырхәон, ахԥатәи ахаҿқәа ирылҭон.
Апрокуратура хада апресс-маҵзура ишаҳәо ала, аҳасабеилыргаҩ лумҭа "атәылахьчара ишақәнагоу амҩаԥгаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа ишәарҭоу ааха рыҭара" аҭагылазаашьа аԥнаҵеит.
Арратә прокуратура аусҭҵааҩцәа абри аус аганахьала аҵаҵӷәқәа рыԥшаара иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0