Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Нанба Кәыдрытәи аҩхааҿы имҩаԥгаз атеррористцәа рҿагыларатә операциазы: усҟан ҳаӷәӷәан

Нанба Кәыдрытәи аҩхааҿы имҩаԥгаз антитеррористтә операциазы: усҟан ҳаӷәӷәан
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы 20 шықәса ҵуеит Кәыдрытәи аҩхааҿы атеррористцәа рҿагыларатә операциа мҩаԥгеижьҭеи. Аоперациа аҵаки, иара аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуази, аԥсуаа ҳарбџьармчқәа рхы шаадырԥшызи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Леон иорден занашьоу, аинрал Закан Нанба.
Жьҭаарамза 2001 шықәсазы ақырҭқәеи ачечен еибашьцәеи Аԥсны Аҳәынҭқаара аҵакыра иалалеит. Усҟан Закан Нанба Кәыдрытәи аҩхааҿы имҩаҧысуаз атеррористцәа рҿагыларатә операциаҟны аладатәи агәыԥ акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.
"Ас еиԥш ахҭысқәа аныҟало, раԥхьа атәыла ахада, усҟан Владислав Арӡынба иакәын иҟаз, арбџьармчқәа реизгаразы адҵа ҟаиҵоит. Уи аамҭазы иҟаз хәҭа-хәҭалатәи аҽеизгара акәын. Усҟан, акьыԥхь аҿы ишарбоу еиԥш, ақырҭқәеи ачеченцәеи мацара ракәмызт ҳазҿагылаз, ара еизган атеррористцәа рацәаны адунеи зегь аҟынтә. Дара Аԥсны ианҭалоз аҽныҵәҟьа Еиду амилаҭқәа рхеилак иатәу авертолиот даҭырхеит "Сахарная голова" ҳәа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы. Усҟан ҳаргьы иҳаман авертолиот шкәакәа, ҳара ҳтәы акәыз џьшьа еихсит. Адунеи аҿы ари ахҭыс алаҵәара ду аиуит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0