https://sputnik-abkhazia.info/20260923/1065873130.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаз аԥхасҭа зоуз акомпенсациақәа рызшәарақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит Аԥсны Апрокуратура хада. Уи амҩаԥгара азҵаарақәа ирылацәажәеит... 23.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-23T13:01+0300
2026-09-23T13:01+0300
2026-09-23T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/17/1065872964_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_697379a41a8ba4bea5faf30c096d03cd.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаз аԥхасҭа зоуз акомпенсациақәа рызшәарақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит Аԥсны Апрокуратура хада. Уи амҩаԥгара азҵаарақәа ирылацәажәеит апрокурор хада Адгәыр Агрба есымчыбжьатәи иусуратә еилацәажәараҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Агәаҭара иаҵанакуеит 2025 шықәса раахыс ахада ирезервтә фонд аҟынтәи ашәарақәа ирыдҵаалаз ахатәхаҿқәа. Ацәыӡқәа рзы адыррақәа риашара, иара убас иҟаҵоу акомпенсациақәа рыҵабыргра ахәшьарақәа рыҭахоит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳаи еиԥылеит. Ацҳаражәҳәарҭеи аусбарҭеи реинырра ахырхарҭақәа ируакуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ацифраркра, избанзар Аԥсны иҟоуп урыстәылатәи асоциалтә цхыраара ауснагӡатәқәа зауа, аха апроцессқәа жәпакы напыла имҩаԥысуеит, автоматизациа рҭахуп."Ҳаиқәшаҳаҭхеит Ацҳаражәҳәарҭа ахәҭакахьала, аԥсуа ган азыҳәарала ари аусура аҽаланархәлоит ҳәа, иара убас Аминистрра ацхыраара анаҭоит урыстәылатәи амчратә усбарҭақәеи дареи реинырра ашьақәыргылараҿы", — ҳәа иҩит Гладков ителеграм-канал аҿы.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа инхо аԥҳәыс лганахьала қәымчрыла лызныҟәара инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит. Ҩыџьа ахацәа аԥҳәыс хаҳәла ааха лырҭеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи ҟалеит цәыббра 20 асааҭ 21:00 рзеиԥш Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду ала. Аҭыԥ ахь инеиз амилициа аусзуҩцәа иааныркылеит аамҭала ареспубликаҿы инхо — 2000 шықәса рзы ииз Архангельсктәи аобласт Городишьенскаиа ақыҭа ауаҩԥсы Сергеи Бессонови 1998 шықәса рзы ииз Набережные Челны ашәҟәы иҭагалоу Иури Чудини.
"Фантасмагорцы" рықәгылара Актәи аканал аефир аҿы иддырбоит цәыббра 26 рзы. Ахәмарра иалагоит ахәылԥазтәи ажәабжьқәа рышьҭахь, асааҭ 21:35 рзы ҳәа аанацҳауеит акоманда асоциалтә ҳақәа рҿы."Фантасмагораа" есышықәсатәи амузыкатә фестиваль "Голосящий КиВиН" аҿы раԥхьаӡакәны иқәгылеит 2026 шықәса, аԥхынразы. Усҟан рхы аладырхәит 13 команда, урҭ рахьынтә 12 КВН Иреиҳаӡоу алига ахьӡала иқәгылон. Афестиваль аихшьаалақәа макьана ирылаҳәаӡам. Урҭ реилкаара алшоит Актәи аканал аефир аҟынтәи.
Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаз аԥхасҭа зоуз акомпенсациақәа рызшәарақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит Аԥсны Апрокуратура хада. Уи амҩаԥгара азҵаарақәа ирылацәажәеит апрокурор хада Адгәыр Агрба есымчыбжьатәи иусуратә еилацәажәараҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Агәаҭара иаҵанакуеит 2025 шықәса раахыс ахада ирезервтә фонд аҟынтәи ашәарақәа ирыдҵаалаз ахатәхаҿқәа. Ацәыӡқәа рзы адыррақәа риашара, иара убас иҟаҵоу акомпенсациақәа рыҵабыргра ахәшьарақәа рыҭахоит. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ареспублика асоциалтә еиқәыршәара аминистр Кама Аӡынԥҳаи еиԥылеит. Ацҳаражәҳәарҭеи аусбарҭеи реинырра ахырхарҭақәа ируакуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа ацифраркра, избанзар Аԥсны иҟоуп урыстәылатәи асоциалтә цхыраара ауснагӡатәқәа зауа, аха апроцессқәа жәпакы напыла имҩаԥысуеит, автоматизациа рҭахуп."Ҳаиқәшаҳаҭхеит Ацҳаражәҳәарҭа ахәҭакахьала, аԥсуа ган азыҳәарала ари аусура аҽаланархәлоит ҳәа, иара убас Аминистрра ацхыраара анаҭоит урыстәылатәи амчратә усбарҭақәеи дареи реинырра ашьақәыргылараҿы", — ҳәа иҩит Гладков ителеграм-канал аҿы. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәа инхо аԥҳәыс лганахьала қәымчрыла лызныҟәара инамаданы агәаҭарақәа мҩаԥнагоит. Ҩыџьа ахацәа аԥҳәыс хаҳәла ааха лырҭеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи ҟалеит цәыббра 20 асааҭ 21:00 рзеиԥш Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду ала. Аҭыԥ ахь инеиз амилициа аусзуҩцәа иааныркылеит аамҭала ареспубликаҿы инхо — 2000 шықәса рзы ииз Архангельсктәи аобласт Городишьенскаиа ақыҭа ауаҩԥсы Сергеи Бессонови 1998 шықәса рзы ииз Набережные Челны ашәҟәы иҭагалоу Иури Чудини. "Фантасмагорцы" рықәгылара Актәи аканал аефир аҿы иддырбоит цәыббра 26 рзы. Ахәмарра иалагоит ахәылԥазтәи ажәабжьқәа рышьҭахь, асааҭ 21:35 рзы ҳәа аанацҳауеит акоманда асоциалтә ҳақәа рҿы."Фантасмагораа" есышықәсатәи амузыкатә фестиваль "Голосящий КиВиН" аҿы раԥхьаӡакәны иқәгылеит 2026 шықәса, аԥхынразы. Усҟан рхы аладырхәит 13 команда, урҭ рахьынтә 12 КВН Иреиҳаӡоу алига ахьӡала иқәгылон. Афестиваль аихшьаалақәа макьана ирылаҳәаӡам. Урҭ реилкаара алшоит Актәи аканал аефир аҟынтәи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/17/1065872964_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_17d98d76eba280a4bb9cb65da8c14d18.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио