Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал Тҟәарчал сынтәа аҽаҩра зеиԥшроу атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьал Тҟәарчал сынтәа аҽаҩра зеиԥшроу атәы
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа аҽаҩра зеиԥшроу иара убас амармалташьтә пты аҟынтәи ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы иахьынӡахиоу атәы.
"Сынтәатәи ашықәс маншәалоуп ҳәа узҳәаӡом, избанзар ааԥын, аԥхын аамҭазы ақәоурақәа ӷәӷәахеит. Иҟоуп алаҵарагьы иахьымӡаз. Ацәаакыра даара ирацәан, акрааҵуеит ақыҭанхамҩаҟны аус зуеижьҭеи, аха ас еиԥш ашықәс бааԥс сымбацт. Аԥш аҽаҩра маҷуп, ажь ыҟаӡам, араса ахаҭабзиара ҽеимхеит, ахә 70-60 мааҭ рахь илбааит… Ацитрустә шәырқәа хар рымам макьаназы", - иҳәеит Џьынџьал.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0