"Амшынеиқәафымцамч" аҿы еиҭарҳәеит аӡынтәи аамҭахь аиасра рыҽшаздырхио

© Sputnik / Томас ТхайцукЛампочка
Лампочка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Анапаҵаҩра
Аӡынра Аԥсны Урыстәылантә афымцалашара аиура иазыԥшуп. Уи азы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иаҿуп.
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Аӡынра аҽазырхиаразы изаамҭанытәиу ауснагӡатәқәа АУН аҿы рымҩаԥгара иаҿуп ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
"Арҭ ауснагӡатәқәа программатәқәоуп, систематәқәоуп, техникатәқәоуп. Еиуеиԥшым астанциа маҷқәа, аҳақәа, афидерқәа рҿы аремонтқәа рымҩаԥгара иазырхоуп. Иҳамоу аматериал ахьмаҷу азы иахәҭоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара уадаҩуп", - ҳәа иҳәеит Блабба.
Иара иазгәеиҭеит анаплакы ацәаҳәақәа роушьҭратә лшара азырҳара аҽшазнашәо.
"Ҩ-станциа маҷк рҿынтә ицо 420 фидер ыҟоуп. Урҭ рвольт ҳаракуп. Звольт лаҟәу аҳақәа 6 000 километра рҟынӡа ыҟоуп. Аиҳараҩык ахархәаҩцәа рхы иадырхәо авольтҳаракқәа роуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, ацәаҳәақәа реиҳарак ахрархәара алшом иахьажәхьоу аҟынтә.
"Амыругақәа акыр иқәсхьеит. Зегьы иҿыцу ала иԥсахтәуп. Уи 50% хра анаҭоит. Акы нмыжькәа иԥсахзар даара ибзиахон аха уажәы иҳамоу аныҟәгара ҳҽазаҳшәоит. Иҟоуп еиуеиԥшым акомплекстә программақәа Урыстәыла ацхыраарала. Аха ари иҟаҵатәны иҟоу ахәҭа заҵәык ауп", - ҳәа иҳәеит анџьныр.
Акызаҵәык хра зманы иҟало ашәҟәҭагаларатә система аус ауа аҟаҵароуп.
"Афымцамч аԥара зыхшәаатәу аалыҵны ишыҟоу абонентцәа еилыркаанӡа абри ахырхарҭаҿы ҿиара ҟалом. Есышықәса ҳхы иаҳархәо аҳақәа ажәуеит", - иҳәеит иара.
Блабба иазгәеиҭеит имҩаԥго ауснагӡатәқәа аӡын аӷыҵысра шалдыршо, аха алашара мырцәакәа аӡынразы аушам ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0