https://sputnik-abkhazia.info/20261125/1067200861.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аконституциа адкылара иааирахеит аибашьра адәаҿы акәымкәа, аполитика-зинтә дәы аҿы ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба. Аконституциа Амш аҳаҭыр азы... 25.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-25T18:01+0300
2026-11-25T18:01+0300
2026-11-25T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/19/1067200695_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_bc22d9a30eeb84ac05fe1b614723034e.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аконституциа адкылара иааирахеит аибашьра адәаҿы акәымкәа, аполитика-зинтә дәы аҿы ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба. Аконституциа Амш аҳаҭыр азы имҩаԥысуа астол гьежь аҿы иара иазгәеиҭеит, аполитикатә қәыӷәӷәареи имариамыз асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи раан, ихадоу ароль шынанагӡаз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Жәлар Реизара "ахьтәы" ааԥхьара адепутатцәеи ргәымшәареи иаадырԥшуаз агәрагареи. "Шәыгәҭакы заҟа ахара иԥшуаз аамҭа ахаҭа ишьақәнарӷәӷәеит. 1999 шықәсазы жәларзегьтәи ареферендум аҟны изқәшаҳаҭхаз Ҳконституциа аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт шьаҭас иаманы, Аԥсны иазинтә паспортны, 2008 шықәса рзы ҳтәыла иаиуз жәларбжьаратәи азхаҵара уасхырс иазыҟалеит", — ҳәа ациҵеит Ашәба.
Аԥсны Аконституциа Амш азгәаҭара иазкыз астол гьежь мҩаԥысит Жәлар Реизара — Апарламент аҟны.Ҳҳәынҭқарра, ҳконституциа, ҳажәлар — аԥсуа бызшәа шьаҭас ишырзышьҭоу, аилибакааразы хархәага хаданы иаанхароуп иҳәеит "Ахьтәы парламент" адепутат Геннади Аламиа. "Иарбан ҳәынқарроу бызшәада? Иарбан конституциу ахатәы бышәа шьаҭас измам? Аԥсышәала ацәажәара зегьы ирхықәкызароуп", — ҳәа азгәаиҭеит Аламиа.
Атуристтә маршрут "Аҭынха амҩахәасҭақәа: аграфԥҳәыс Уварова лышьҭа ихыланы" аԥырҵоит Аԥсны ҳәа аанацҳаит акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада Ифонд.Уи еиднакылоит Аҟәа араион аҭоурыхтәи археологиатәи баҟақәа быжьба иреиҵамкәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Ешыратәи "ақалақь маҷ", акромлехқәа, Уваровтәи ауахәама, Басла ацҳа, абаа "Уаз Абаа", Кьалашәыртәи аҭӡы. Атуристцәа рзы иаԥырҵоит аинтерактивтә хсаалеи, абаҟақәа 3D-реконструкциақәеи, авиртуалтә екскурсиеи ронлаин-платформа. Иара убасгьы иаздырхиоит аҭҵааҩцәа рымшынҵақәеи рархивтә нҵамҭақәеи шьаҭас измоу быжь-епизодк рыла ишьақәгылоу аудиосериал.Амаршрут аусура аларгара азԥхьагәаҭоуп 2027 шықәсазы.
Акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист Ражьден Гәымба 100-шықәса ихыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы. Аусмҩаԥгатә даҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи арахь иаагоу аусумҭақәа ибеит. Аекспозициа иалоуп афотоҭыхыҩ Владимир Попов иархив аҟынтәи афотосахьақәа, аԥсуа жәлар рмузыка антологиеи аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәеи ирызку асериа аҟынтәи авенилтә пластинкақәа. Иара убас, ацәыргақәҵа асасцәа Ражьден Гәымба изку ашәҟәқәа рбар рылшон изҭаху зегьы ҳамҭас ирырҭон 2008 шықәсазы иҭыҵыз аҭыжьымҭа "Сара сашәа, сара сажәа".
Аконституциа адкылара иааирахеит аибашьра адәаҿы акәымкәа, аполитика-зинтә дәы аҿы ҳәа иҳәеит Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба. Аконституциа Амш аҳаҭыр азы имҩаԥысуа астол гьежь аҿы иара иазгәеиҭеит, аполитикатә қәыӷәӷәареи имариамыз асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи раан, ихадоу ароль шынанагӡаз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи Жәлар Реизара "ахьтәы" ааԥхьара адепутатцәеи ргәымшәареи иаадырԥшуаз агәрагареи. "Шәыгәҭакы заҟа ахара иԥшуаз аамҭа ахаҭа ишьақәнарӷәӷәеит. 1999 шықәсазы жәларзегьтәи ареферендум аҟны изқәшаҳаҭхаз Ҳконституциа аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы акт шьаҭас иаманы, Аԥсны иазинтә паспортны, 2008 шықәса рзы ҳтәыла иаиуз жәларбжьаратәи азхаҵара уасхырс иазыҟалеит", — ҳәа ациҵеит Ашәба.Аԥсны Аконституциа Амш азгәаҭара иазкыз астол гьежь мҩаԥысит Жәлар Реизара — Апарламент аҟны.Ҳҳәынҭқарра, ҳконституциа, ҳажәлар — аԥсуа бызшәа шьаҭас ишырзышьҭоу, аилибакааразы хархәага хаданы иаанхароуп иҳәеит "Ахьтәы парламент" адепутат Геннади Аламиа. "Иарбан ҳәынқарроу бызшәада? Иарбан конституциу ахатәы бышәа шьаҭас измам? Аԥсышәала ацәажәара зегьы ирхықәкызароуп", — ҳәа азгәаиҭеит Аламиа.Атуристтә маршрут "Аҭынха амҩахәасҭақәа: аграфԥҳәыс Уварова лышьҭа ихыланы" аԥырҵоит Аԥсны ҳәа аанацҳаит акультуратә аԥшьгарақәа рзы ахада Ифонд.Уи еиднакылоит Аҟәа араион аҭоурыхтәи археологиатәи баҟақәа быжьба иреиҵамкәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Ешыратәи "ақалақь маҷ", акромлехқәа, Уваровтәи ауахәама, Басла ацҳа, абаа "Уаз Абаа", Кьалашәыртәи аҭӡы. Атуристцәа рзы иаԥырҵоит аинтерактивтә хсаалеи, абаҟақәа 3D-реконструкциақәеи, авиртуалтә екскурсиеи ронлаин-платформа. Иара убасгьы иаздырхиоит аҭҵааҩцәа рымшынҵақәеи рархивтә нҵамҭақәеи шьаҭас измоу быжь-епизодк рыла ишьақәгылоу аудиосериал.Амаршрут аусура аларгара азԥхьагәаҭоуп 2027 шықәсазы. Акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист Ражьден Гәымба 100-шықәса ихыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы. Аусмҩаԥгатә даҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи арахь иаагоу аусумҭақәа ибеит. Аекспозициа иалоуп афотоҭыхыҩ Владимир Попов иархив аҟынтәи афотосахьақәа, аԥсуа жәлар рмузыка антологиеи аԥсуа композиторцәа рырҿиамҭақәеи ирызку асериа аҟынтәи авенилтә пластинкақәа. Иара убас, ацәыргақәҵа асасцәа Ражьден Гәымба изку ашәҟәқәа рбар рылшон изҭаху зегьы ҳамҭас ирырҭон 2008 шықәсазы иҭыҵыз аҭыжьымҭа "Сара сашәа, сара сажәа".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/19/1067200695_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_7f729f81303e477e6a05cf62fe4cc4ae.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио