Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Анапаҵаҩра
Ҳаҭхәа уаанӡатәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиа диԥсахит. Гәыргәлиа иусура дамхын 2021 шықәса мшаԥымзазы атәым мазара аимҵәара далахәуп ҳәа.
АҞӘА, жьҭаара 14 Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ерик Ҳаҭхәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа неигӡалоит жьҭаара 14 инаркны.
Аԥшьашаҽны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ерик Ҳаҭхәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа амедусзуҩцәа дыдирдырит.
© Sputnik / Асмат Цвижба Ерик Ҳаҭхәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н.
Эрик Хатхва - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.10.2021
Ерик Ҳаҭхәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н.
Аминистр иҳәеит, Ҳаҭхәа ара акраамҭа аус шиуа, уи азы иара дшақәгәыӷуа иусура аусбарҭеи атәылеи рзы хра аманы иҟалап ҳәа. Ахәшәтәырҭа аусуҩцәа ҵааит Апполон Гәыргәлиа иганахь ала аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылаанӡа инапынҵақәа назыгӡо дзаҭахыз ҳәа, Быҭәба ирҭаз азҵаара аҭакс иҳәеит, ари аусҳәарҭа аусура аҭышәныртәалара ишазырхо.
"Ҳаԥхьаҟа ҳара зегьы аус дуқәа ҳзышьҭоуп. Аколлектив зегь еидгыланы аус рулароуп. Ҳусураҿы аԥыжәара заҳҭо арахь иааиуа ачымазцәа ишахәҭо еиԥш ацхыраара рыҭароуп. Сақәгәыӷуеит сеилышәкаап, шәсыцхраап ҳәа" - иҳәеит Ҳаҭхәа.
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахьала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы рнапынҵамчрақәа ирхыҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.
Мшаԥы 2 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбрала, апрокуратура хада азыҳәа инақәыршәаны, Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Апполон Гәыргәлиа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Мшаԥы 23 азы аусураҟынтә ихы дақәиҭтәуп Георги Воуба. Абри аамҭазы урҭ рнапынҵақәа налыгӡон Есма Маршьанԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0