Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷыԥҳа Европеи Аԥсни рыбжьара аимадараҟны ауадаҩрақәа рзы: иӷәӷәаны ицәыргатәуп

Амҷыԥҳа Европеи Аԥсныи рыбжьара аимадараҟны ауадаҩрақәа рзы: ӷәӷәала ицәыргатәуп
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Европеи Аԥсни рыбжьара аимадараҿы иҟоу аԥкрақәа ртәы.
2019 шықәса раахыс Аԥсни Германиеи рыбжьара аҭелтә еимадара аганахьала лассы-лассы ауадаҩрақәа цәырҵлоит. Аамҭак азы ари апроблема аԥыхра алыршахеит, аха уи аамҭалатәхеит.
"Ари апроблема цәырҵиижьҭеи уажәакәӡам, аха аамҭа цацыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа иуадаҩхоит. Ишиашоу аҭелтә еимадара ыҟаӡам Европантәи Аԥсныҟа, иауӡом ҭелла асра. Иҟалоит аинтернет, амессенџьер ала, егьырҭ аинтернет еимадагақәа рыла. Убасгьы ҳара ааигәанӡа ҳахәаԥшуан Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭарақәа, уажәы урҭгьы асаит аҟны уҭаланы уахәаԥшуа иҟаӡам. Убри инаваргыланы Facebook адаҟьаҟны иҟалаӡом "Аԥсныпресс" аҟынтәи џьара статиак акьыԥхьра. Иаразнак шьҭахьҟа иаргьежьуеит, ҟалашьа шамам уанаҳәоит. Ас еиԥш ауадаҩрақәа ҳаман шықәсқәак раԥхьа. Иҟалаӡомызт Германиа аҳәынҭқарратә структурақәа рҟынтәи Аԥсны аҳәынҭқарратә саитқәа рҭалара. Ари атәы ҳарҳәеит аминистррақәа рҟны аус зуа, мамазаргьы егьырҭ аусбарҭақәа рҟны иҟоу иаҳзааигәоу, Аԥсны азы згәы былуа ҳҩызцәа", - лҳәеит Амҷыԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ари азҵаара аус шадыруло.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0