Арратә мобилтә госпиталь аҟынтәи 250-ҩык рҟынӡа ачымазцәа ылырҩаахьеит

© Foto / пресс-служба ЮВО Медицинские специалисты Южного военного округа
Медицинские специалисты Южного военного округа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2021
Анапаҵаҩра
Амобилтә лабораториақәа рҿы 4000 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара мҩаԥыргахьеит, урҭ рҟынтәи 2,5 000 ПЦР-тест.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аҟынтә рчымазара рхыганы илырҩаахьеит 258 пациент, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.
Аладатәи арратә округ амедусзуҩцәа агоспиталь аҿы ирыдыркылахьеит зықьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра. Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык амедусзуҩцәа.
Арахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зықьҩык инарыцны ауаа аднакылахьеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара ҟарҵаразы нанҳәа 18 рзы.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алабораториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәышәтәразы стационартә медицинатә хәышәтәырҭоуп.
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Аҩыза ижәҩахыр: Урыстәыла арратә госпиталь Аҟәа аус шауло
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Еиҿкаауп аҵәыҵәри аиура. Уи мҩаԥнагоит Гәдоуҭа игылоу Аладатәи арратә округ арратә база. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла 100 баллонк нырхуеит.
Абдулмеджид Магомедов - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь ахада Аԥсны русура шеиҿкаау далацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0